Аӷьычрақәеи анаркотикқәеи: Аԥсны ААР аоперативттә хҳәаа акьыԥхьит

© SputnikМВД РА
МВД РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рзы аминистрра азакәанеилагаразы иаанкылоу ахаҿқәа рзы аоперативттә хҳәаа акьыԥхьит.
АҞӘА, жьҭаара 9 - Sputnik. Тҟәарчал араион инхо Мамука Џьанџьулиа даанкылан аԥсуа-аурыс ҳәаа данахысуаз.
Ахаҵа игәаҭараан идырбалеит арҩашьыгатә маҭәашьар метадон згәылаз аилаҳәыра. Џьанџьулиа игәы иҭан закәаншьаҭада анаркотикқәа Аԥсныҟа алагалара. Мамука Џьанџьулиа даанкылоуп, иганахьала ашьаус хацыркуп.
Атәым мазара итәитәит ҳәа ахара идҵоуп Владимир Гәылариа. Ашьаусԥшаара адыррақәа рыла, ацәгьоура ҟалеит цәыббра 15 рзы, Аҟәа. Гәылариа абаӷәаза ааигәара игылаз амашьына дҭаланы ирҳәит, 220 нызқьмааҭ зҭаз ашәыра иӷьычит. Гәылариа дҭакуп.
Амилициа аусзуҩцәа Тҟәарчал араион инхо Сосо Сидил оглы иҩны аҵакыраҿы ирԥшааит анаркотикатә ҵиаа-аныцә. Иҩны иԥшаан 162 грамм амарихуана. Сидил оглы иаанкылара аамҭазы арҩашьыгатә маҭәашьар идкыланы дыҟан, уи атәы шьақәнырӷәӷәеит амедицинатә гәаҭара. 
Закәаншьаҭада арҩашьыгатә маҭәашьар аарыхреи, ахархәареи рзы ахара Сидил оглы ахара идҵоуп, иганахьала ашьаус хацыркуп. Уи аԥхьа Сидил оглы арҩашьыгатә маҭәашьар идкыланы дшыҟаз Аҟәа ашьаҟауаҩ диӷрысит ҳәа аҩнытә ҭакра иқәҵан. Аҩ-шьауск еидҵоуп.
Аҟәатәи аџьармыкьаҿы аԥара зӷьычыз Инал Какәыбаа даанкылан Очамчыра. Иара убас даанкылан Казбек Ҟалӷьы. Рганахьала ашьаусԥшаара иацҵоуп.
Аԥсны ААР аусзуҩцәа Гәылрыԥшь араион Мархьаул ақыҭан дааныркылеит Аркади Атулиан. Игәаҭараан идырбалеит арҩашьыгатә маҭәашьар метадон згәылаз аилаҳәыра. Атулиан хатәгәаԥхарала иҳәеит Мархьаул ақыҭан аилаҳәырақәа ахьиҵәахыз аҭыԥқәа рыӡбахә, уаҟа  иԥшаан аметадон згәылаз ԥшь-еилаҳәырак. Иааидкыланы иԥшааз анаркотикқәа згәылаз аилаҳәырақәа рыкапан 7 граммк инаӡон. Атулиан иганахьала ашьаусԥшаара хацыркуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0