Аԥсны

"Ашьана еимырдеит": аҭацаагара ақьабзқәа рахьтә

Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа иахьатәи ланҵамҭаҿы иҳадылгалоит аԥсуаа рҿы аҭацаагара иадҳәалоу қьабзқәак рыхҳәаа.
Sputnik
Ажәеимдара
Уажәтәи ҳаамҭазы аҿар (арԥыси аԥҳәызбеи) еиҿцәажәо, еиԥыло, еицныҟәо ишыҟоу еиԥш, уаанӡа ус иҟамызт. Арԥыси аԥҳәызбеи "ашаҳаҭ" дрыбжьамкәа аицәажәара азин рымамызт, урҭ иаартны рцәаныррақәа аадырԥшуамызт. Аҩыџьагь зыгәра ргоз ҷкәынак, ма ӡӷабк дрыбжьацәажәон. Рҭаацәарақәагьы ирыбжьацәажәашаз ауаа рыԥшаауан, ирарҳәон: "Абригь, абригь аҷкәын шәыԥҳа дигәаԥхеит, бзиа дибеит, абри дигартә азин ҳашәҭарц ҳшәыҳәоит" ҳәа. Аӡӷаб лҭаацәа ақәшаҳаҭзар, – "Дад, ҳара ҳаӡӷаб дышәгәаԥхазар, ҳаргьы дышәхаҳбаауам" ҳәа рарҳәон. Ус акәымкәа, мап ркыр ҳәа ишәозар, маӡала ауаҩы дазыркуан. Аӡӷаб маӡала илацәажәаны дақәшаҳаҭу, дақәшаҳаҭму еилыркаауан. Убри ашьҭахь акәын арԥыс аԥҳәысҳәара иҽаназикуаз, мамзаргьы дымҵарсны дигон.
Ажәа еимырдон: аԥсуаа рҿы аҭаацәара аԥҵара атрадициақәа
Абасала иара аԥҳәысаагара х-хкыкны ишоит: аргама – аҭаацәа анеиқәышаҳаҭу, маӡала – аҭаацәа идмырдырӡакәа, амҵарсра – аҭыԥҳа мап лкыр, дрыцымныҟәар ҳәа ишәозар. Аҵыхәтәантәи шьҭа ииасхьо ақьабзқәа ирхыуԥхьаӡалар ҟалоит, избанзар аӡӷаб илҭахымзар, уажәтәи ҳаамҭазы мчыла, дамарԥхашьаны дузынкылом.
Ахкаршәра, агараҿаҟәара: аԥсуаа ржәытә ҭаацәараԥҵара иазку згәаҭақәак
"Дишьанеит"
Арԥыси аԥҳәызбеи ирыбжьацәажәаны ажәа анеимырдалак ашьҭахь аӡәи-аӡәи еимырдон аҳамҭа. Абжьыуаа рҟны уи "ашьана" ҳәа азырҳәоит, "ашьана еимырдеит" рҳәоит, бзыԥаа рҟны "анапеимдахьа" ҳәа изышьҭоу.
Аҷкәын ҳамҭас иҟаиҵон аиҳарак амацәаз, мамзаргьы имацәазымзаргьы зыхә ҳаракыз акы, убриалагьы аԥҳәызба "дишьанеит" ҳәа иԥхьаӡан, дҳәаны дизтәан, уажәшьҭа мап шылзымкуа алагьы игәгьы ҭынчын. Аӡӷаб лакәзаргьы аҭакс иҟалҵон напылаҟаҵара ҳамҭак, аиҳарак ачабра. Ари атрадициа иахьагьы иҟоуп уҳәар ауеит: арԥыс ԥҳәыс дигарц ианақәиклак, уи иалихыз заа диҳәоит амацәаз ала.
"Лан дырҵәыуа, лыԥҳа дыргеит…" – аԥҳәысаагареи хаҵацареи, урҭ ирыцу ашәеи
Абасала ашьана анеимырдалак ашьҭахь, иҟоуп дук мырҵыкәа аҭаацәара аԥызҵо, иҟоуп шықәсык, ма инеиҳангьы аӡӷаб дҳәаны дантәоу. Арԥыс аԥҳәыс даниҳәалак ашьҭахь ачараура иақәнагоз ақьабзқәа рҽазыҟаҵара далагон. Аԥҳәызбагьы маӡа акәымкәа, аргама хаҵа дцозар, лҭаацәа леихраҵаразы аҽазыҟаҵарақәа ирылагоит.
Ҳаамҭазы арҭ акәамаҵамақәа иаҳа ирмариоуп, аха аматериалтә ган аԥыжәара аманы иаанхоит. Ари аматериалтә ган иахырҟьаны ажәытәангьы аҭаацәара ҿыц аԥҵара рцәыуадаҩызҭгьы, иахьагьы ари уадаҩраны иаанхоит, аиҳарак ақыҭақәа рҿы инхо арԥарцәа рзы. Уи иахырҟьангьы ицәырҵит агәаанагара аԥсуа лаасҭа даҽа милаҭк еиуоу аӡӷаб дааугар, иаҳа имариоуп ҳәа, ус еиԥш аҿырԥштәқәагьы аҭыԥ рыманы иҟоуп.
"Хаҵа имцо Анцәа дҳаумҭан": ахатә ԥсҭазаара ашьақәыргылара иазку аныҳәара
Ари аҭагылазаашьа арҽеиразы мыцхәы аҽырбареи аҽырҳаракреи ашьҭахьҟа иааныжьтәуп, аиҳаракгьы иахьатәи ҳаамҭазы, егьа уургьы, аӡәгьы изы иџьашьахәу анузцәырымго, уимоу амариа ахә ҳаракны ианыршьо.