"Лан дырҵәыуа, лыԥҳа дыргеит…" – аԥҳәысаагареи хаҵацареи, урҭ ирыцу ашәеи

© Sputnik / Томас ТхайцукАбхазская свадьба
Абхазская свадьба - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.10.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рҿы аԥҳәысаагареи, ахаҵацареи, ачарауреи раан ирҳәо еиуеиԥшым ашәақәа ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.
Аԥҳәысаагареи хаҵацареи
Аԥҳәысаагареи ахаҵацареи аусмҩаԥгатәқәа рацәаны измоу, еиуеиԥшым акәамаҵамарақәа змоу, иахьа уажәраанӡагьы хкы рацәала аилазаашьа змоу уаажәларратә цәырҵраны иҟоуп.
Аԥсуаа рҿы арԥыс 25 – 30 шықәса анихыҵуа ԥҳәыс дааигар, аԥҳәызба 20 – 25 шықәса анылхыҵуа хаҵа дцар, иқәнагоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит. Арԥыс иҵегь ихыҵны ԥҳәыс даниго рацәоуп, аха аԥҳәызба уи ақәра дахыԥар, дтәанхалеит, дҭыџьҳахеит ҳәа лзырҳәоит.
Молодожены - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.08.2018
Ажәа еимырдон: аԥсуаа рҿы аҭаацәара аԥҵара атрадициақәа
Аԥсуаа аԥҳәысаагареи ахаҵацареи рҿы ҳаамҭазгьы аекзогамиа аԥҟарақәа ирықәныҟәоит: еижәлантәу арԥызбеи аԥҳәызбеи, жьра-цәарала егьа еицәыхаразаргьы, хаҵеи ԥҳәысси еибагом.
Ҳазҭагылоу аамҭазы аҿар рҭынхацәа ирзымҵаакәа ԥҳәыс дыргар, хаҵа ицар ҟалоит. Ажәытәан ԥҳәыс дызгози хаҵа ицози рразҟы зыӡбоз еиҳараӡак рҭынхацәа ракәын. Иҟан агараҿаҟәара аҵасгьы – еиуара зыбжьамыз, ажьрацәара змамыз ҩ-ҭаацәак еиқәышаҳаҭны аиуара рыбжьарҵарц рҭахызҭгьы, ҭаацәарак ирызгараз аҷкәын хәыҷы егьи аҭаацәараҿы ирызгараз аӡӷаб хәыҷы дизырҳәон. Ари аиқәышаҳаҭра нагӡахарц азы ахәыҷқәа рҩыџьагьы ргарақәа рҿаҟәон. Иандухалак, хымԥада еибагар акәын.
Обручальные кольца - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.11.2017
Ахкаршәра, агараҿаҟәара: аԥсуаа ржәытә ҭаацәараԥҵара иазку згәаҭақәак
Дедеи Мафеи
Аԥсуаа рҿы аԥҳәысаагареи, хаҵацареи, ачарауреи ирыдҳәалоу ақьабзқәа рацәоуп. Араҟа ҳазааҭгылап аҭацаагараан, ачарақәа раан еиуеиԥшым ашәақәа шырҳәо. Иахьатәи ачараҿы ахархәара рымоуп еиуеиԥшым аԥсуа шәақәа: жәлар рашәақәа рҟынтәи иаагоу реиԥш, аестрадатә ашәақәагьы. Ачарашәақәа нарыгӡоит иааԥхьоу артистцәа, ашәаҳәаҩцәа. Аха макьанагьы аҽамԥсахкәа иаанхоит аҭаца даныҩнаргало ирҳәо ашәа "Радеда". Уи еиуеиԥшым авариантқәа амоуп.
Свадьба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2019
Иԥыххаа, мамзар бнасыԥдахоит: ачанах аԥҽра ақьабз азы
Аҭаацагара ашәа инагӡаны, ажәытәӡа ишыҟаҵәҟьаз ҳаздыруам, инханы иҳамоу фрагментқәоуп уҳәартә иҟоуп:
Оу, радеда, Мафа!
Диҳәеит, дигеит, дичаԥеити.
– Дыбзиоума?
– Дыбзиазар, ҿыхтын дубап!
Арҭ ажәақәа ирныԥшуеит аҭацаагараан имҩаԥыргоз ақьабзқәа руак: аҭаца лкасы ала лҿы хҩазар акәын, лҩызцәа илыцыз "ҿыхтын" ҳәа изышьҭаз аҟынӡа лкасы лхыхны уаҩы дидырбомызт. Аҭаца дахьаарбаз, ауа, аҭынха дызбарц инеиуаз аҿыхтыԥса ршәон ҳамҭа ҳасабла.
Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2018
"Хаҵа имцо Анцәа дҳаумҭан": ахатә ԥсҭазаара ашьақәыргылара иазку аныҳәара
Аҭацаагара ашәа зыхҟьаз ҳәа абас еиԥш алегенда ыҟоуп: Мафа захьӡыз арԥыск Деда захьӡыз ԥҳәызбак бзиа дибеит, ԥҳәысс дигарц длышьҭалеит. Амцхә зхы змабзианы иҟаз аԥҳәызба арԥызба акыраамҭа мап ицәылкуан. Аҵыхәтәан арԥыс длазырҟәышаз, дзырԥхашьашаз уск наигӡарц идылҵеит. Иара уи нагӡаны данааи, лара гьангьашрыла дизныҟәеит, еиҭах мап ицәылкит, ас еиԥш ирԥхашьагоу аус ҟазҵаз сиццом ҳәа. Мафа ииура изымдыруа данықәха, акрыздыруаз ҭакәажәык длызҵааит. Уи Деда илзымдыруаны, Мафа ила лцәа лтәымкәа дҟалартә аусқәа еиҿылкааит. Чарак аҿы алафқәа ахьеихырҳәаауаз, Деда лафла Мафа дихыччаны, ашәа далаҵаны дихцәажәеит, усҟан иаргьы аҭакс ашәа далаҵаны иҳәеит илзымдыруа лцәа лтәымкәа дшыҟалаз. Убарҭ рылоуп "Оу, редеда, Мафа" ашәа зыхҟьазгьы ҳәа еиҭарҳәоит.
Аҭацаагара ашәақәа ахшыҩзышьҭра зырҭо, идырҽхәо, ирныҳәо аҭаца лоуп. Авариантқәа ирныԥшуеит ашәа зҳәо ргәазыҳәарақәа, арԥызбеи аԥҳәызбеи рынасыԥ еиқәшәарц.
Ажәабжьқәа зегьы
0