АҞӘА, абҵара - Sputnik. Авольтҳарак цәаҳәа-110 "Шешелеҭ-1" иадҳәалоу афымцалашара арцәарақәа рыграфик еиҭакуп ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Урҭ аиҭакрақәа ҩ-станциа маҷк ирхьысит:
астанциа маҷ "Синоп" - 18:00 инаркны 19:00 рҟынӡа,
астанциа маҷ "ИЕПиТ" - 19:00 инаркны 20:00 рҟынӡа.
Афымца арцәара алагалоуп аҳауатә цәаҳәа "Шешелети-1" иақәу ақәыӷәӷәара ахьазышьҭымхуа иахҟьаны.
Сааҭк-сааҭк лашарада иаанхалоит Очамчыреи Гәылрыԥшьи араионқәа, иара убас Аҟәа араион мрагыларатәи ахәҭа, иара убас Аҟәа ақалақь мрагыларатәи ахәҭеи агәи. Арҭ араионқәа рҟны уаанӡа иалагалаз уахынла ҩ-сааҭк алашара арцәара аграфик аԥыххоит.
Иазгәаҭоуп, алашара арцәарақәа ишырҟәаҵуа афымцацәаҳәақәа ирықәу ақәыӷәӷәара маҷхар.
Егьырҭ араионқәа рҟны ақәыӷәӷәарақәа ирыцлар, уаҟагьы арцәарақәа ирылагар ҟалоит.