Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Авольтҳарак цәаҳәа "Шешелеҭ-1" аҿы даҽа шьаҟак шьақәыргылоуп

© Foto / facebook / РУП "Черноморэнерго"Работы по установке опоры на ВЛ-110 кВт Шешелети-1
Работы по установке  опоры на ВЛ-110 кВт Шешелети-1 - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.10.2021
Анапаҵаҩра
"Шешелеҭ-1" аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыхҟьаны асабша жьҭаара 30 рзы асааҭ 10:00 - 16:00 рзы фымцалашарада иаанханы иҟан Очамчыра, Гәылрыԥшь араионқәа, Аҟәа араион мрагыларатәи ахәҭеи Аҟәа ақалақь мрагыларатәи ахәҭеи агәи.
АҞӘА, жьҭаара 30 - Sputnik. Авольтҳарак цәаҳәа-110 "Шешелеҭ-1" аҿы даҽа шьаҟак шьақәыргылоуп. Абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Ари ахәҭаҟны иҟоу ақәыӷәӷәара иахҟьаны афымцацәаҳәа иазымчҳакәа илаҟәуеит. Убри азоуп ашьаҟа ҿыц аҵаргылара заҭаххаз.
"Шешелеҭ-1" аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыхҟьаны асабша жьҭаара 30 рзы асааҭ 10:00 - 16:00 рзы фымцалашарада иаанханы иҟан Очамчыра, Гәылрыԥшь араионқәа, Аҟәа араион мрагыларатәи ахәҭеи Аҟәа ақалақь мрагыларатәи ахәҭеи агәи.
Убри инамаданы идырцәеит анаҩсантәи астанциа маҷқәа: "Очамчыра-а́хага", "Очамчыра-2", "Мықә", "Кәачара", "Аӡҩыбжьа", "Уарча", "Дранда", "Агәыӡера", "Синоп", "Баслаҭ", "Ҵабал", "ИЕПиТ".
Лампочки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.10.2021
Аԥсны
Жьҭаара 30 рзы Аԥсны ахәҭак фымцалашарада иаанхоит
"Амшынеиқәафымцамч" Аԥсны аамҭа-аамҭала алашара арцәара аграфик шьақәнаргылеит жьҭаара 28 инаркны.
Ажәабжьқәа зегьы
0