Аԥсны

Аҟәа ахада абҵара 4 рзы аҿагыларатә акциа амҩаԥгаҩцәа рышәҟәы аҭак аиҭеит

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рзеиԥш Хеилак алахәылацәа абҵара 4 рзы Аҟәа аҿагыларатә акциа амҩаԥгара рыгәҭакуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 3 - Sputnik. Аҟәа ахада Беслан Ешба Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рзеиԥш Хеилак алахәылацәа абҵара 4 рзы аҿагыларатә акциа амҩаԥгаразы рышәҟәы аҭак аиҭеит ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.
Ахеилак ахантәаҩы Ахра Бжьаниа инапы зҵаҩу ашәҟәаҿы иҳәоуп абҵара 4 рзы Атеатр ашҭаҿы асааҭ 13:00 рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рзеиԥш Хеилак алахәылацәа аҿагыларатә акциа мҩаԥыргоит ҳәа.
Аԥсны
Бжьаниа ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит абҵара 4 рзы аҿагыларатә акциахь имнеирц
Ақалақь ахада атәылаҿ аҭагылазаашьа азгәаҭо, иҳәеит атәылаҿы амассатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара шыԥку.
"Аҟәа ахадара адырра ҟанаҵоит акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада идҵа "Акоронавирустә инфекциа COVID-19 аҟынтәи Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра рыхьчаразы" (13.08.2021ш.) инақәыршәаны амассатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара азин шыҟам. Ахада идҵа иахьа уажәраанӡагьы азинмчра амоуп", - ҳәа аҳәоит Аҟәа ахада Иусбарҭа адырраҭара.
Уаанӡа Аԥсуа телехәаԥшраҿы Аслан Бжьаниа атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҿагыларатә акциақәа рылахәхара рҽацәхьаркырц, иҟалар зылшо ахҟьаԥҟьақәа инарымаданы.
Аԥсны
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр имаҵурахьы дырхынҳәуп
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рзеиԥш Хеилак Аӡҩыбжьа ақыҭа аветеранцәа ирԥылеит жьҭаара 31 рзы.
Аилацәажәара ашьҭахь ақыҭа ахада Дмитри Абыхәба аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар имаҵура аанижьрацы аҿагыларатә акциа мҩаԥгахоит абҵара 4 ҳәа.
Аҩаша абҵара 2 рзы еилкаахеит Аԥсны ахада аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар имаҵураҿы даанижьит, иахьа инаркны иара инапынҵақәа рынагӡара еиҭахациркит.
Аԥсны
Аветеранцәа абҵарамза 4 рзы аҿагыларатә акциахь ишцәырҵуа рҳәеит