Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аветеранцәа абҵарамза 4 рзы аҿагыларатә акциахь ишцәырҵуа рҳәеит

© Sputnik / Асмат Цвижба Собравшиеся в Адзюбже ветераны и их сторонники
Собравшиеся в Адзюбже ветераны и их сторонники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.10.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рхеилак еидгыла амҽыша жьҭаара 31 рзы Аӡҩыбжьа ақыҭан Аԥсны аветеранцәеи дареи реиԥылара мҩаԥысит.
АҞӘА, жьҭаара 31 – Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар иамхразы аҿагыларатә акциа амҩаԥгара азгәаҭоуп ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аӡҩыбжьа ақыҭа ахада Дмитри Абыхәба.
Иара иажәақәа рыла, аҿагыларатә акциа мҩаԥыргоит Аҟәа Аԥсуа драматә театр ашҭаҿы.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рхеилак еидгыла аԥҵан жьҭаарамзазы Аҟәа аԥшаҳәаҿы иҟалаз ахҭыс ашьҭахь. Ари ахеилак алахәылацәа дҵас иқәдыргылоит уаанӡа хатәгәаԥхарала арзаҳал ҩны аамҭала зусураҟынтәи атәыла ахада зхы иақәиҭитәыз Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар имаҵура зынӡаск иамхра. Уи мзызс иаман амилициа аусзуҩцәеи, Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи, Аӡҩыбжьа ақыҭа аветеранцәеи Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәазы аисрахь икылызгаз аимак. Аветеранцәа рхеилак Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҿы аиԥыларақәа акымкәа-ҩбамкәа имҩаԥыргахьеит, еизаз ргәаанагара аадырԥшуан ишьақәгылаз аҭагылазаашьазы.
Ветераны войны потребовали незамедлительной отставки министра внутренних дел  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.10.2021
Аибашьра аветеранцәа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ԥхьатәара ицара дҵаны иқәдыргылоит
Цәыббра 30 ауха Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи, Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аибашьра аветеранцәеи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари инапаҵаҟа иҟаз ауааи рыбжьара аҭыӡшәа ҟалеит, адепутат ажәҩанахь данхыс ашьҭахь.Иара убри ауыха Апарламент адепутат Алмасхан Арӡынба Аԥсны ААР ахыбрахь днеины ахысра мҩаԥигеит.
Жьҭаара 11 азы апрокурор хада Адгәыр Агрба Апарламент аҿы иқәгылараан иҳәеит ашьаус хацыркуп Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаа Рашь Ҵәыџьба, Дадын Чачхалиа рганахь ала. Урҭ румҭа иазыԥхьагәанаҭоит жәашықәса инаркны жәохә шықәса рҟынӡа ахақәиҭра алхәыдатәра.
Иара убри аҽны Аӡҩыбжьа ақыҭауаа, ааха зауз аветеранцәеи урҭ рыдгылаҩцәеи еизаны амитинг мҩаԥыргеит, иара убасҩыџьа аибашьра аветеранцәеи Абыргцәа рхеилак ахаҭарнаки злаз аделегациа атәыла анапхгарахь инарышьҭит Дбар имаҵура дамхзарц. Дара ирыҳәеит усҟан усутә ныҟәарыла Москва иҟаз Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иаара иазыԥшырц ари азҵаара аӡбаразы.
Собравшиеся в Адзюбже ветераны и их сторонники - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2021
Аӡҩыбжьаа Аԥсны ахада иаара иазыԥшырц аҳәара рырҭеит
Жьҭаара 12 рзы Аԥсны Апрокуратура хада Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь анашьҭымҭа мҩақәнаҵеит Апарламент адепутатцәа Гарри Кокаиеи Алмысхан Арӡынбеи румҭаҿ ашьаус-харадҵара аҭыԥ амоу иамаму ашьақәыргыларазы.
Жьҭаара 18 азы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбратә коллегиа Апрокурор хада Адгәыр Агрба инашьҭымҭа аднакылеит. Апрокуратура хада адыррақәа рыла цәыббра 30 ауыха Гарри Кокаиа иумҭа ахәҭаҷқәа ҩба – абжьахрақәеи амчра ахаҭарнакцәа ахьымӡӷ дыргареи ирыҵаркуеит. Адепутат Алмасхан Арӡынба иумҭа – Аԥсны ААР аҿаԥхьа 20 - нтә ахысра - абџьар закәаншьаҭада амазаара, аҵәахра, аныҟәгара рыхәҭаҷ иаҵанакуеит.
Жьҭаара 18 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсныҟа дхынҳәит, аха уи аахыс аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иамхра азҵааразы акгьы ӡбамкәа иаанханы иҟоуп.
Верховный суд - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.10.2021
Аӡбарҭа адепутатцәа рхысра инадҳәаланы аматериалқәа рыҭҵаара иалагеит
Ажәабжьқәа зегьы
0