Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр имаҵурахьы дырхынҳәуп

© Foto / пресс-служба Президента РАДмитрий Дбар приступил сегодня к исполнению своих служебных обязанностей
Дмитрий Дбар приступил сегодня к исполнению  своих служебных обязанностей - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2021
Анапаҵаҩра
Цәыббра 30 рзы Аҟәа аԥшаҳәаҿы иҟалаз ахҭыс азы аусҭҵаарақәа мҩаԥысуанаҵы Дмитри Дбар хатәгәаԥхарала ииҩыз арзаҳал инақәыршәаны имаҵураҟынтә аамҭала ихы дақәиҭтәын.
АҞӘА, абҵара 2 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр изы аусԥҟа инапы аҵаиҩит, Дмитри Дбаргьы имаҵуратә напынҵақәа рынагӡара дазыхынҳәит аҩаша абҵара 2 рзы. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр алеишәа аганахьала лахь иҭан.

Абарҭ рҩызцәа ахҭысқәа уаҳа иҟамлароуп. Атәылаҿы мызк ҵуеит ари аҭагылазаашьа ахцәажәара иаҿуижьҭеи. Сара исыӡбеит алеишәатә лахь шәысҭарц, убри аан иахьа инаркны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр имаҵураҟны шәшыҟац шәаанхоит.

Расширенное заседание кабмина по вопросам инвестпрограммы - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа
Аԥсны ахада
Дбар инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы цәыббра 30 рзы иҟалаз ахҭыс аахижьҭеи аветеранцәа рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭеиҵарц шиҭахыз.
"Сара схаҭа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран иҭаацәаҿы сиит, исызҳаит аветеранцәа рыгәҭа. Ахҭыс аныҟалаз актәи амш инаркны аҭамзаара шьҭасҵар сҭахын уи ауха ааха зауз аветеранцәа рҿаԥхьа, хаҭала аӡәаӡәала рнапы рымсхыр сҭахын, аха уи аҩыза аҭагылазаашьа смоуит. Дара рахь схы рханы исҳәар сҭахуп аҭамзаара шьҭасҵоит ҳәа. Ас еиԥш ахҭыс аҭыԥ амазар ҟалаӡом, уаҳагьы ишыҟамло ажәа шәысҭоит. Сара лахь исышәҭаз сақәшаҳаҭуп, снапынҵақәагьы рынагӡара сазыхиоуп. Даҽазныкгьы исҳәоит: цәыббра 30 рзы иҟалаз ахҭыс аиԥш зеиԥшу уаҳа иҟалараны иҟаӡам", - иҳәеит Дмитри Дбар.
Ветераны войны потребовали незамедлительной отставки министра внутренних дел  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.10.2021
Аибашьра аветеранцәа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ԥхьатәара ицара дҵаны иқәдыргылоит
Аҩаша абҵара 2 рзы Аԥсны ахада апрокурор хада данидикылоз, Адгәыр Агрба иҳәеит Апрокуратура хада Дмитри Дбар иумҭа ацәгьоура аҵан ҳәа ишазгәанамҭаз.
Аԥсны ахада ипресс-маҵзура ишаанацҳауа ала, Бжьаниеи Агрбеи цәыббра 30 рзы Аҟәа аԥшаҳәаҿы иҟалаз ахҭыс инамаданы Апрокуратура хада имҩаԥнагаз ашьаусҭҵааратә гәаҭара алҵшәақәа ирыхцәажәеит.
Собравшиеся в Адзюбже ветераны и их сторонники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.10.2021
Аԥсны
Аветеранцәа абҵарамза 4 рзы аҿагыларатә акциахь ишцәырҵуа рҳәеит
Цәыббра 30 ауха Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи, Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аибашьра аветеранцәеи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари инапаҵаҟа иҟаз ауааи рыбжьара аҭыӡшәа ҟалеит, адепутат ажәҩанахь данхыс ашьҭахь.Иара убри ауыха Апарламент адепутат Алмасхан Арӡынба Аԥсны ААР ахыбрахь днеины ахысра мҩаԥигеит.
Жьҭаара 11 азы апрокурор хада Адгәыр Агрба Апарламент аҿы иқәгылараан иҳәеит ашьаус хацыркуп Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаа Рашь Ҵәыџьба, Дадын Чачхалиа рганахь ала. Урҭ румҭа иазыԥхьагәанаҭоит жәашықәса инаркны жәохә шықәса рҟынӡа ахақәиҭра алхәыдатәра.
Собравшиеся в Адзюбже ветераны и их сторонники - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2021
Аԥсны
Аԥсны апартиақәа рааԥхьара: ААРи аветеранцәеи реимак еилзырго рықәыӷәӷәара ҟалом
Иара убри аҽны Аӡҩыбжьа ақыҭауаа, ааха зауз аветеранцәеи урҭ рыдгылаҩцәеи еизаны амитинг мҩаԥыргеит, иара убасҩыџьа аибашьра аветеранцәеи Абыргцәа рхеилак ахаҭарнаки злаз аделегациа атәыла анапхгарахь инарышьҭит Дбар имаҵура дамхзарц. Дара ирыҳәеит усҟан усутә ныҟәарыла Москва иҟаз Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иаара иазыԥшырц ари азҵаара аӡбаразы.
Жьҭаара 12 рзы Аԥсны Апрокуратура хада Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь анашьҭымҭа мҩақәнаҵеит Апарламент адепутатцәа Гарри Кокаиеи Алмысхан Арӡынбеи румҭаҿ ашьаус-харадҵара аҭыԥ амоу иамаму ашьақәыргыларазы.
Жьҭаара 18 азы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбратә коллегиа Апрокурор хада Адгәыр Агрба инашьҭымҭа аднакылеит. Апрокуратура хада адыррақәа рыла цәыббра 30 ауха Гарри Кокаиа иумҭа ахәҭаҷқәа ҩба – абжьахрақәеи амчра ахаҭарнакцәа ахьымӡӷ дыргареи ирыҵаркуеит. Адепутат Алмасхан Арӡынба иумҭа – Аԥсны ААР аҿаԥхьа 20 - нтә ахысра - абџьар закәаншьаҭада амазаара, аҵәахра, аныҟәгара рыхәҭаҷ иаҵанакуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0