Аԥсны

Аҟәа аоппозициа имҩаԥыргаз амитинг хыркәшоуп, аҿагылаҩцәа арезолиуциа ҿыц рыдыркылеит

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рхеилак рҿагыларатә акциа мҩаԥысуан Аҟәа хә-сааҭк инарзынаԥшуа.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 4 - Sputnik. Аветеранцәеи аоппозициеи имҩаԥыргоз амитинг хыркәшахеит ҿыц ирыдыркылаз арезолиуциа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ԥхьатәара ицара ала.
Аханатә амитинг аҟны дҵаны иқәдыргылон Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар ԥхьатәара ицара. Аслан Бжьаниа амитинг аделегатцәа идикылеит, аха Дмитри Дбар имаҵурахьы ирхынҳәразы идикылаз ақәҵара мап ацәикуам.
Атеатр аҿаԥхьа еизаз арҭ алҵшәақәа ирықәшаҳаҭым.
Аԥсны
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Иусбарҭа аԥхьа еизаз ауааԥсыра рахь днеит
Акциа аиҿкааҩцәа ықәгылеит арезолиуциа ҿыц ала, уаҟа дҵаны иқәдыргылеит Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа ԥхьатәара ицара.
Аҟәа имҩаԥысыз аҿагыларатә акциа ахылҿиааит Жәлар реизара адепутат Гарри Кокаиеи, Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аибашьра аветеранцәеи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари инапаҵаҟа иҟаз ауааи рыбжьара аимак.
Аусҭҵаара мҩаԥнагон Аԥсны апрокуратура хада, аха аҿагылаҩцәа аусҭҵаара аобиективла имҩаԥгамызт ҳәа рыԥхьаӡеит.
Аҟәа аԥшаҳәаҿы иҟалаз ахҭыс азы аусҭҵаарақәа мҩаԥысуанаҵы Дмитри Дбар хатәгәаԥхарала ииҩыз арзаҳал инақәыршәаны имаҵураҟынтә аамҭала ихы дақәиҭтәын. Абҵара 2 рзы, апрокурор хада Адгур Агрба Дбар иганахь ала ацәгьоура ыҟамызт ҳәа иҳәамҭа ашьҭахь, Атәыла ахада Аслан Бжьаниа уи имаҵзура дазирхынҳәит.