Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Иусбарҭа аԥхьа еизаз ауааԥсыра рахь днеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Обращение Аслана Бжания к собравшимся
Обращение Аслана Бжания к собравшимся  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.11.2021
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 4 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Иусбарҭа аԥхьа еизаз ауааԥсыра рахь днеит, аҳәара ҟаиҵеит доусы рыҩныҟақәа ицарц.
Бжьаниа еизаз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, сусура зегьы ажәлар реидкылара иазырхазаауеит иҳәеит иара.
"Ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар, ара еизази адраматә театр аҿаԥхьа еизази, еилых ҟамҵакәа зегь шәахь схы нарханы исҳәоит. Изныкамкәа исҳәахьеит иҟалаз ахҭыс аӡәгьы дазырызӡам, зегьы ргәы иалсит, аха иҳарҽеирц, мҩак иқәаҳҵарц ҳаҿуп. Ҳшьаҿақәа зегьы ҳажәлар реидкылара иазырхазаауеит, уи азы аусура сазыхиоуп, исылшогьы акы иагсыжьом", - иҳәеит Атәыла ахада.
Акция протеста на площади у драмтеатра - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.11.2021
Аԥсны
Аҿагыларатә акциа амҩаԥгаҩцәа идҵаны иқәдыргылоит АА рминистр инапынҵақәа аанижьырц
Аԥшьаша, абҵарамза 4 рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рхеилак алахәылацәеи, рыдгылаҩцәеи аҿагыларатә акциа мҩаԥыргеит, аиҿкааҩцәа дҵаны иқәдыргылоит Аԥсны АА рминистр Дмитри Дбар инапынҵақәа аанижьырц, мзызс иамоуп цәыббра 30 ауха Жәлар реизара адепутат Гарри Кокаиеи, Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аибашьра аветеранцәеи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари инапаҵаҟа иҟаз ауааи рыбжьара аимак.
Амитинг алахәылацәа ақәҵара рыдыркылеит, уаҟа иазгәаҭоуп цәыббра 30 ауха аибашьра аветеранцәа рыпҟара иалахәыз Дмитри Дбар иганахьала ишахәҭаз аусҭҵаара мҩаԥгамызт ҳәа.
Министр внутренних дел Дмитрий Дбар  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.11.2021
Аԥсны
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар Ахада Иусбарҭахь днеит
Аслан Бжьаниа аветеранцәа идыикылеит, иҳәеит апрокуратура хада аусҭҵаара ишаҿу, азакәаншьаҭа змоу аӡбра ауп ирыдыркыло ҳәа. Дбар имаҵурахьы дахьиргьежьыз азы иӡбамҭа шыимԥсахо иҳәеит. Аиқәшәара ашьҭахь аҿагыларатә акциа аиҿкааҩцәа ақәҵара ҿыц рыдыркылеит, уаҟа иарбоуп ҿыц амитинг шеиҿыркаауа, усҟан Атәыла ахада Аслан Бжьаниа имаҵура аанижьырц аҳәамҭа шыҟарҵо, уи ашьҭахь амитинг хдыркәшеит.
Аҟәа аԥшаҳәаҿы иҟалаз ахҭыс азы аусҭҵаарақәа мҩаԥысуанаҵы Дмитри Дбар хатәгәаԥхарала ииҩыз арзаҳал инақәыршәаны имаҵураҟынтә аамҭала ихы дақәиҭтәын. Абҵара 2 рзы, апрокурор хада Адгур Агрба Дбар иганахь ала ацәгьоура ыҟамызт ҳәа иҳәамҭа ашьҭахь, Атәыла ахада Аслан Бжьаниа уи имаҵзура дазирхынҳәит.
Ашьаус хацыркуп Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаа Рашь Ҵәыџьба, Дадын Чачхалиа рганахь ала. Аҩыџьагьы рнапынҵақәа ирхыҳәҳәеит, амч рхы иадырхәеит ҳәа хараны ирыдырҵоит.
Дмитрий Дбар приступил сегодня к исполнению  своих служебных обязанностей - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2021
Аԥсны
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр имаҵурахьы дырхынҳәуп
Ажәабжьқәа зегьы
0