АҞӘА, абҵара 4 - Sputnik. Аԥсны аҳазалхратә усбарҭа 2 миллиардки 175,2 миллион мааҭ ашәарақәа ахыԥхьаӡалеит, 2021 шықәса раԥхьатәи жәамз рзы аплан 138% иацны инанагӡеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҳазалхратә усбарҭа асаит.
2021 шықәса 10 мзтәи атауареикәыршареи 2020 шықәса абри аамҭазтәи иаҿурԥшыр 705,7 миллион мааҭ еиҳауп, 2019 шықәса 10 мзтәи арбагақәа ирҿуырԥшыр –678,2 миллион мааҭ еиҳауп.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы раԥхьаӡа акәны аҳазалхратә шәарақәа рзы ашықәстәи аплан 99% жьҭаарамзазы инагӡахеит.
Жьҭаарамзазы аԥыза -министр Александр Анқәаб Аилак анапхгара алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит. Уа иазгәаҭан 2022 шықәсазтәи аплан 15-20% иацуҵар шауа.