https://sputnik-abkhazia.info/20211104/aazalkhrat-sharaa-zhamzti-aplan-138-ryla-inagoup-1036196944.html
Аҳазалхратә шәарақәа жәамзтәи аплан 138% рыла инагӡоуп
Аҳазалхратә шәарақәа жәамзтәи аплан 138% рыла инагӡоуп
Sputnik Аҧсны
Аҳазалхратә шәарақәа рыхкқәа зегьы аизҳара рныԥшуеит, жьҭаарамза арбагақәа рыла аиҳарак абаџьқәа ҳаракхеит аҳәаанырцәынтәи аагара, акциз, ахәцҵазы ашәахтәқәа... 04.11.2021, Sputnik Аҧсны
2021-11-04T14:10+0300
2021-11-04T14:10+0300
2021-11-04T16:26+0300
аԥсны
аекономика
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/0e/1033208537_0:160:3073:1888_1920x0_80_0_0_f87f7c7b37e2e46157c84b811dfcfe3d.jpg
АҞӘА, абҵара 4 - Sputnik. Аԥсны аҳазалхратә усбарҭа 2 миллиардки 175,2 миллион мааҭ ашәарақәа ахыԥхьаӡалеит, 2021 шықәса раԥхьатәи жәамз рзы аплан 138% иацны инанагӡеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҳазалхратә усбарҭа асаит.Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы раԥхьаӡа акәны аҳазалхратә шәарақәа рзы ашықәстәи аплан 99% жьҭаарамзазы инагӡахеит.Жьҭаарамзазы аԥыза -министр Александр Анқәаб Аилак анапхгара алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит. Уа иазгәаҭан 2022 шықәсазтәи аплан 15-20% иацуҵар шауа.
https://sputnik-abkhazia.info/20211013/aazalkhrat-sharaa-2021-shysa-rakhati-zhymz-rzy-aplan-39-iatsny-eizgakheit-1035836289.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/0e/1033208537_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_93878068cd7e628b15b9f564c7394181.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аекономика, ажәабжьқәа
Аҳазалхратә шәарақәа жәамзтәи аплан 138% рыла инагӡоуп
14:10 04.11.2021 (ирҿыцуп: 16:26 04.11.2021) Аҳазалхратә шәарақәа рыхкқәа зегьы аизҳара рныԥшуеит, жьҭаарамза арбагақәа рыла аиҳарак абаџьқәа ҳаракхеит аҳәаанырцәынтәи аагара, акциз, ахәцҵазы ашәахтәқәа рҿы.
АҞӘА, абҵара 4 - Sputnik. Аԥсны аҳазалхратә усбарҭа 2 миллиардки 175,2 миллион мааҭ ашәарақәа ахыԥхьаӡалеит, 2021 шықәса раԥхьатәи жәамз рзы аплан 138% иацны инанагӡеит. Абри атәы
аанацҳауеит Аԥсны аҳазалхратә усбарҭа асаит.
2021 шықәса 10 мзтәи атауареикәыршареи 2020 шықәса абри аамҭазтәи иаҿурԥшыр 705,7 миллион мааҭ еиҳауп, 2019 шықәса 10 мзтәи арбагақәа ирҿуырԥшыр –678,2 миллион мааҭ еиҳауп.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы раԥхьаӡа акәны аҳазалхратә шәарақәа рзы ашықәстәи аплан 99% жьҭаарамзазы инагӡахеит.
Жьҭаарамзазы аԥыза -министр Александр Анқәаб Аилак анапхгара алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит. Уа иазгәаҭан 2022 шықәсазтәи аплан 15-20% иацуҵар шауа.