Аԥсны

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар Ахада Иусбарҭахь днеит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 4 - Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар Ахада Иусбарҭахь днеит.
Аԥшьаша, абҵарамза 4 рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рхеилак алахәылацәеи, рыдгылаҩцәеи аҿагыларатә акциа мҩаԥысуеит, аиҿкааҩцәа дҵаны иқәдыргылоит Аԥсны АА рминистр Дмитри Дбар инапынҵақәа аанижьырц, мзызс иамоуп цәыббра 30 ауха Жәлар реизара адепутат Гарри Кокаиеи, Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аибашьра аветеранцәеи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари инапаҵаҟа иҟаз ауааи рыбжьара аимак.
Аԥсны
Аҿагыларатә акциа амҩаԥгаҩцәа идҵаны иқәдыргылоит АА рминистр инапынҵақәа аанижьырц
Амитинг алахәылацәа арезолиуциа рыдыркылеит, уаҟа иазгәаҭоуп цәыббра 30 ауха аибашьра аветеранцәа рыпҟара иалахәыз Дмитри Дбар иганахьала ишахәҭаз аусҭҵаара мҩаԥгамызт ҳәа.
Аҟәа аԥшаҳәаҿы иҟалаз ахҭыс азы аусҭҵаарақәа мҩаԥысуанаҵы Дмитри Дбар хатәгәаԥхарала ииҩыз арзаҳал инақәыршәаны имаҵураҟынтә аамҭала ихы дақәиҭтәын. Абҵара 2 рзы, апрокурор хада Адгур Агрба Дбар иганахь ала ацәгьоура ыҟамызт ҳәа иҳәамҭа ашьҭахь, Атәыла ахада Аслан Бжьаниа уи имаҵзура дазирхынҳәит.
Аԥсны
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр имаҵурахьы дырхынҳәуп