Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҿагыларатә акциа амҩаԥгаҩцәа идҵаны иқәдыргылоит АА рминистр инапынҵақәа аанижьырц

© Sputnik / Томас Тхайцук Акция протеста на площади у драмтеатра
Акция протеста на площади у драмтеатра - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.11.2021
Анапаҵаҩра
Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи, Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аибашьра аветеранцәеи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари инапаҵаҟа иҟаз ауааи рыбжьара аимак иахылҿиааит Аҟәа имҩаԥысуа аҿагыларатә акциа. Дара дҵаны иқәдыргылоит АА рминистр инапынҵақәа аанижьырц.
АҞӘА, абҵара 4 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рхеилак рҿагыларатә акциа аҟны алкаа рыдыркылеит, уаҟа иаҳәоит Дмитри Дбар инапынҵақәа аанижьырц, ԥшьҩык аделегатцәа ашәҟәы рыманы инеит Атәыла ахада иахь.
Ақәҵара даԥхьеит ауаажәларратә усзуҩ, Еидҵоу аветеранцәа рхеилак ахантәаҩы Ахра Бжьаниа.
Ақәҵараҟны иаҳәоит, цәыббра 30 ауха аибашьра аветеранцәа рыпҟара иалахәыз Аԥсны АА рминистр Дмитри Дбар иганахьала аусҭҵаара шымҩаԥырго азы ажәа шриҭазы Аԥсны ахада, аха ус иҟамлеит.
Ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара алшоит, аветеранцәа ргәаанагарала, - Дмитри Дбар ԥхьатәара ишьҭра. Ус ианыҟамла анаҩстәи ашьаҿақәа рылҵшәақәа рзы аҭакԥхықәра идлоит Атәыла ахада Аслан Бжьаниа, ҳәа аҳәоит ашәҟәы аҟны.
Апартиа "Аԥсны" ахада Витали Габниа, аветерантә еиҿкаара "Аруаа" ахада Ҭемыр Гәлиа, аветеранцәа Зураб Кокаиеи, Валери Маани акциа алахәылацәа ирыдыркылаз ашәҟәы рыманы Аслан Бжьаниа иахь инеит.
Акция протеста на площади у драмтеатра - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.11.2021
Аԥсны
Аҟәа аветеранцәа рҿагыларатә акциа иалагеит
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рхеилак еидгыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар иамхразы аҿагыларатә акциа амҩаԥгаразы аӡбамҭа рыдыркылеит жьҭаарамза 31 аҽны, мзызс иамоуп цәыббра 30 ауха Жәлар реизара адепутат Гарри Кокаиеи, Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аибашьра аветеранцәеи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари инапаҵаҟа иҟаз ауааи рыбжьара иҟалаз аимак.
Аҟәа аԥшаҳәаҿы иҟалаз ахҭыс азы аусҭҵаарақәа мҩаԥысуанаҵы Дмитри Дбар хатәгәаԥхарала ииҩыз арзаҳал инақәыршәаны имаҵураҟынтә аамҭала ихы дақәиҭтәын. Абҵара 2 рзы, апрокурор хада Адгур Агрба Дбар иганахь ала ацәгьоура ыҟамызт ҳәа иҳәамҭа ашьҭахь, Атәыла ахада Аслан Бжьаниа уи имаҵзура дазирхынҳәит.
Ажәабжьқәа зегьы
0