Аԥсны

Жәлар Реизара адепутатцәа Кокаиеи Арӡынбеи Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа иазашшит

Цәыббра 30 ауха Аиааира амшныҳәа азгәазҭоз адепутат Гарри Кокаиеи, аветеранцәеи, амилициа аусзуҩцәеи рыбжьара аҭыӡшәа ҟалеит, адепутат аԥшаҳәаҿы ажәҩанахь данхыс ашьҭахь. Аусҭҵаара адыррақәа рыла, уи ауха адепутат Алмасхан Арӡынба Аԥсны ААР ахыбра иарбаны дхысит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 5 – Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Гарри Кокаиеи Алмасхан Арӡынбеи рыдукатцәа жьҭаара 18, 2021 шықәсазы адепутатцәа румҭазы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа иаднакылаз аӡбамҭазы ашшыԥхьыӡ нарышьҭит.
Адукатцәа ргәаанагарала, адепутатцәа румҭазы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа рыдыркылеит аматериалтәи апроцессуалтәи закәанԥҵара еилаганы, Апрокуратура хада раашьҭымҭа заҵәык шьаҭас иганы.
Цәыббра 30 ауха иҟалаз аимак азы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа иҟанаҵаз алкаа инақәыршәаны, адепутат Гарри Кокаиа ихымҩаԥгашьа ашьоит Аԥсны азакәанеидкыла ахәҭаҷқәа рыла: ахәҭаҷ 207, ахәҭа 1 (амбжьахра), ахәҭаҷ 321, ахәҭа 1 (амчра ахаҭарнакцәа рганахь ала аҳаҭырларҟәра). Адепутат Алмысхан Арӡынба иумҭа – ахәҭаҷ 207, ахәҭа 1 (амбжьахра, азеиԥшуаажәларратә ҭагылазаашьа аилагара, абџьар ахархәарала ауаажәларра рганахь ала аҳаҭырқәымҵара), Аԥсны ААР аҿаԥхьа 20 - нтә ахысра - абџьар закәаншьаҭада амазаара, аҵәахра, аныҟәгара рыхәҭаҷ иаҵанакуеит.
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа адепутат Гарри Кокаиа иумҭа ахәшьара анаҭеит
Аԥсны ашьаусмҩаԥгаратә закәанеидкыла инақәыршәаны аус ахәаԥшра иалагоит аусуратә 30 мшы иахымгакәа, ашшыԥхьыӡ анынарышьҭа амш инаркны.
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа адепутат Алмысхан Арӡынба иумҭазы алкаа ҟанаҵеит