Иреиҳаӡоу аӡбарҭа адепутат Алмысхан Арӡынба иумҭазы алкаа ҟанаҵеит

© SputnikВерховный суд Абхазии
Верховный суд Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.10.2021
Анапаҵаҩра
Аӡбаҩ Лиа Адлеиба лхантәаҩрала, аӡбаҩцәа Роман Кәарҷиеи Есма Қорсаиеи злахәыз Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбра мҩаԥысуан жьҭаара 18 рзы. Аӡбамҭа иаиуз ашьаҭеи аҵаҵӷәыи еилкаамкәан иаанхоит, избан акәзар аӡбаҩцәа реилатәара аркын.
АҞӘА, жьҭаара 18 – Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апрокуратура хада Жәлар Реизара адепутат Алмысхан Арӡынба иумҭазы инашьҭымҭа азыҳәа анагӡара иақәшаҳаҭхеит. Абри атәы аанацҳауеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа асаит.

Адепутат Алмысхан Арӡынба иумҭа – ахәҭаҷ 207, ахәҭа 1 (амбжьахра, азеиԥшуаажәларратә ҭагылазаашьа аилагара, абџьар ахархәарала ауаажәларра рганахь ала аҳаҭырқәымҵара), Аԥсны ААР аҿаԥхьа 20 - нтә ахысра - абџьар закәаншьаҭада амазаара, аҵәахра, аныҟәгара рыхәҭаҷ иаҵанакуеит.

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа азакәан инақәыршәаны анашьҭымҭа иахәаԥшраны иҟоуп иарку аилатәараҿы апрокурор хадеи иара ззынашьҭу ахаҿқәеи ма урҭ рыхьчаҩцәеи алархәны, иара анынарышьҭ инаркны жәамш ирхымгакәа.
Заседание суда - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.10.2021
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа адепутат Гарри Кокаиа иумҭа ахәшьара анаҭеит
Жьҭаара 18 рзы, Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апрокурор хада Адгәыр Агрба Жәлар Реизара адепутат Гарри Кокаиа иумҭазы инашьҭымҭа азыҳәа анагӡара иақәшаҳаҭхеит. Апарламент адепутат Гарри Кокаиа цәыббра 30 рзы дызлахәыз аимак-аиҿак аҟны ихымҩаԥгашьа ашьоит абарҭа ахәҭаҷқәа рыла: ахәҭаҷ 207, ахәҭа 1 (амбжьахра), ахәҭаҷ 321, ахәҭа 1 (амчра ахаҭарнакцәа рганахь ала аҳаҭырларҟәра).
Жьҭаара 12 рзы Аԥсны Апрокуратура хада Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь анашьҭымҭа мҩақәнаҵеит Апарламент адепутатцәа Гарри Кокаиеи Алмысхан Арӡынбеи румҭаҿ ашьаус-харадҵара аҭыԥ амоу иамаму ашьақәыргыларазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0