Иреиҳаӡоу аӡбарҭа адепутат Гарри Кокаиа иумҭа ахәшьара анаҭеит

CC0 / / Заседание суда
Заседание суда - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.10.2021
Анапаҵаҩра
Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи, Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аибашьра аветеранцәеи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари инапаҵаҟа иҟаз ауааи рыбжьара аҭыӡшәа ҟалеит цәыббра 30 ауха, адепутат ажәҩанахь данхыс ашьҭахь.
АҞӘА, жьҭаара 18 – Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апрокурор хада Адгәыр Агрба Жәлар Реизара адепутат Гарри Кокаиа иумҭазы инашьҭымҭа азыҳәа анагӡара иақәшаҳаҭхеит. Абри атәы аанацҳауеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа асаит.
Аԥсны Апрокурор хада Адгәыр Агрба Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь инашьҭымҭа инақәыршәаны, Апарламент адепутат Гарри Кокаиа цәыббра 30 рзы дызлахәыз аимак-аиҿак аҟны ихымҩаԥгашьа ашьоит абарҭа ахәҭаҷқәа рыла: ахәҭаҷ 207, ахәҭа 1 (амбжьахра), ахәҭаҷ 321, ахәҭа 1 (амчра ахаҭарнакцәа рганахь ала аҳаҭырларҟәра).
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа азакәан инақәыршәаны анашьҭымҭа иахәаԥшраны иҟоуп иарку аилатәараҿы апрокурор хадеи иара ззынашьҭу ахаҿқәеи ма урҭ рыхьчаҩцәеи алархәны, иара анынарышьҭ инаркны жәамш ирхымгакәа.
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апресс-маҵзура иазгәанаҭоит, аӡбамҭа иаиуз ашьаҭеи аҵаҵӷәыи еилкаамкәан иаанхоит, избан акәзар аӡбаҩцәа реилатәара аркын.
Жьҭаара 11 азы апрокурор хада Адгәыр Агрба Апарламент аҿы иқәгылараан иҳәеит ашьаус хацыркуп Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаа Рашь Ҵәыџьба, Дадын Чачхалиа рганахь ала. Урҭ румҭа иазыԥхьагәанаҭоит жәашықәса инаркны жәохә шықәса рҟынӡа ахақәиҭра алхәыдатәра.
Верховный суд Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Апрокуратура хада Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь анашьҭымҭа дәықәнаҵеит
Жьҭаара 12 рзы Аԥсны Апрокуратура хада Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь анашьҭымҭа мҩақәнаҵеит Апарламент адепутатцәа Гарри Кокаиеи Алмысхан Арӡынбеи румҭаҿ ашьаус-харадҵара аҭыԥ амоу иамаму ашьақәыргыларазы.
Арӡынбеи Кокаиеи румҭақәа Ашьаустә Закәанеидкыла иазыԥхьагәанаҭо абарҭ аҟазшьақәа рымоуп:
Ахәҭаҷ 207, ахәҭа 1 (амбжьахра, азеиԥшуаажәларратә ҭагылазаашьа аилагара, абџьар ахархәарала ауаажәларра рганахь ала аҳаҭырқәымҵара)
Ахәҭаҷ 321, ахәҭа 1 (змаҵзуратә ус назыгӡоз амчра ахаҭарнакцәа рганахь ала аҳаҭырларҟәра иԥшӡам аформала).
Ажәабжьқәа зегьы
0