АҞӘА, абҵара 8- Sputnik. Аҳҭнықалақь аҿы акаҭран рықәырҵеит амҩеихысырҭақәа ҩба: Џьонуа-Лакоба, Абазақәа-Лакоба ҳәа аанацҳауеит Аҟәа ахадара асаит.
Аҽазыҟаҵаратә усурақәа ирылаган абҵара 5 азы. Аусурақәа мҩаԥнагоит аилазаара ИАЕ "Аԥснырегионргылара".
Амҩеихысырҭақәа ҩба: Џьонуа-Лакоба, Абазақәа-Лакоба акаҭран рықәҵоуп атранспорт аныҟәара арманшәаларазы.
Анаҩс каҭранла ихҟьахоит - Џьонуа, Гәлиа, Абазақәа рымҩақәа. Ара ҵыԥх аахыс аусурақәа мҩаԥысуеит 2020 - 2022 шықәсқәа рызтәи Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны. Иԥсахуп аӡымҩангага, акоммуникациатә ҳақәа, ацрыҵцарҭақәа, ақәаршыҩцарҭақәа.