Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәатәи амҩақәа руак акаҭран ақәҵара иазыҟарҵо иалагеит

© Foto / сайт Администрации города Сухум На улице Абазинская начались подготовительные работы по укладке асфальта
На улице Абазинская начались подготовительные работы по укладке асфальта - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.11.2021
Анапаҵаҩра
Аусурақәа мҩаԥысуеит 2020-2022 шш. рзы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
АҞӘА, абҵара 6 - Sputnik. Аҟәа Абазақәа рымҩаҿы акаҭран ақәҵаразы аҽазыҟаҵаратә усурақәа ирылагеит ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь апресс-маҵзура.
Абазақәа рымҩаҿы аҩареизгарҭа акапиталтә ремонт хыркәшоуп, арыцқьарақәа ирҿуп, ацәхыԥқәа шьақәдыргылоит.
Ауаажәларратә палатаҿы имҩаԥгаз аиԥылараан Аҟәа ахада Беслан Ешба ишиҳәаз ала, раԥхьа иргыланы акаҭран ықәырҵоит еиҳарак амашьынақәа ахьырацәоу амҩақәа Џьонуа - Лакоба, Абазақәа рымҩа - Лакоба реихысырҭақәа.
"Иахьа (абҵара 5 - азгә.) акаҭран ақәҵаразы аҽазыҟаҵаратә усурақәа ирылагахьеит. Апалн ашьақәыргылара иаҿуп, уаанӡа иқәҵаз аԥҽыхақәа ықәырхуеит, ацрыҵцарҭақәа рҭыԥқәа рзырԥшаауеит, анаҩс акаҭран ишақәнагоу ашьҭаҵара алыршаразы. Аусурақәа ҳнардадаҩ имҩаԥигоит. Мышқәак рышьҭахь акаҭран ықәҵаны иалгоит", - иҳәеит Аҟәа ақалақь Анхамҩа-коммуналтә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба.
Абазақәа рымҩаҿы аҽазыҟаҵаратә усурақәеи акаҭран ашьҭаҵареи иаҿуп анардадаратә еиҿкаара "Аԥснырегионргылара".
Ажәабжьқәа зегьы
0