АҞӘА, абҵара 8 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭа аҳақьым хада Лали Гаргулиаԥҳа араион аҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа далацәажәеит Атәыла ахада имҩаԥигоз аилацәажәараҿы.
"Араион аҿы аҭагылазаашьа уадаҩуп. Ачымазцәа ирыцлоит. Аепидемиологиатә ԥҟарақәа ирықәныҟәом, ауаа рацәа злахәу ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит", - ҳәа лҳәеит аҳақьым.
Гаргулиаԥҳа лажәақәа рыла, абҵара 8 азтәи адыррақәа рыла араион аҿы ичмазцәахахьеит 1135-ҩык, ргәабзиара шьақәдыргылахьеит 998-ҩык. Зегь иреиҵбыз мызк ихыҵуан, иреиҳабыз - 95 шықәса.
Уажәы амбулаторла рҽырхәшәтәуеит 15-ҩык, ҽынлатәи астационар аҿы жәаҩык, аковид-ҟәшаҿы - 12-ҩык.
Гаргулиаԥҳа илҳәеит жьҭаарамзазы еиҳа ирацәаҩны ачымазцәа шыҟаз – 115-ҩык.
Алаҵа "Спутник V" рзыҟаҵоуп 449-ҩык, "Спутник Лайт" – 71-ҩык.
Аҳақьым хада Бжьаниа диҳәеит ацхыраара ласы амашьына ала еиқәиршәарц, уажәазы аус зуаны иҟоу 2 машьынак роуп.