Аԥсны

Ахада Мықә ақыҭаҿтәи аӡеизакырҭа аҭагылазаашьа гәеиҭеит

Абҵара 12 азы Аслан Бжьаниа Очамчыра араион агәаҭаразы даҭааит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 12 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Мықә ақыҭаҿтәи аӡеизакырҭа аҭагылазаашьа зеиԥшроу гәеиҭеит.
Ари аӡеизакырҭаҟынтәи аӡы нарышьҭуеит Очамчыра ақалақь, ақыҭақәа Мықә, Араду, Маркула рахь. Ааигәа ииасуа аӡиас Дәаб аӡхыҵрақәа раан 300 метра иҟоу адамба ҵнаӡәӡәаауеит. Абри аан ақалақь ӡыда иаанхоит.
Ахада Мықә ақыҭаҿтәи аӡеизакырҭа даҭааны аҭагылазаашьа ибеит
Аӡеизакырҭа аремонт ахарџьынҵа 2020 шықәсазы ишьақәдыргылахьан, миллионк инеиҳаны итәоит аӡышьҭра аԥсахра мацара.
Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Демир Гамсаниа ишиҳәаз ала, 2021 шықәсазы иазԥхьагәаҭоуп амқьаҭқәа ҩбеи аӡымҩангагақәеи рыргылара ахыркәшара. Аремонттә усурақәа рнардадаҩ хадас иҟоуп Аҳәынҭстандартргылара. 2021 шықәсазтәи аԥаразоужьра алимит – 15 миллион мааҭ ыҟоуп.
Ахада Мықә ақыҭаҿтәи аӡеизакырҭа даҭааны аҭагылазаашьа ибеит
Гамсаниа иҳәеит Очамчыра аӡеихшарҭатә ҳа аҭагылазаашьа уашәшәыроуп, аха аӡеизакырҭақәа ҩба рҟынӡа аӡы бзианы инеиуеит ҳәа.
"Амқьаҭқәа руак аҭагылазаашьа бзиоуп, егьи маҷк аӡы ацәцоит. 500 куб акуеит, аха иҭоуҭәарц иалшо 100 роуп", – иҳәеит иара.
Бжьаниа аҵыхәтәаны ара даныҟаз лаҵарамзазы акәын.
Мықәтәи аӡеизакырҭа аиҭашьақәыргылара миллион мааҭк рҟынӡа ақәхарџьхоит