Мықәтәи аӡеизакырҭа аиҭашьақәыргылара миллион мааҭк рҟынӡа ақәхарџьхоит

© SputnikГорная река
Горная река  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа Мықә ақыҭаҿтәи аӡеизакырҭа иаҭааит лаҵара 22 рзы.

АҞӘА, лаҵара 25 - Sputnik. Мықә ақыҭаҿтәи аӡеизакырҭа адамбақәа рырӷәӷәареи Дәаб аӡиас аӡыршьҭра аиҭакреи хара имгакәа ирылагараны иҟоуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габилаиа.

Иара иажәақәа рыла, Очамчыра араион Мықә ақыҭаҿтәи аӡеизакырҭаҟынтә аӡы ахала ақыҭақәа Мықә, Араду, Маркәыла ахәҭак ирызнеиуеит. Аӡеизакырҭа иавсуа Дәаб анхыҵуа аамҭазы адамбақәа ҵнаӡәӡәаауеит. Абри аан ақалақь ӡыда иаанхоит.

"Асеиԥш иҟоижьҭеи акыр шықәса ирықәуп. Хатәымчла аҭагылазаашьа еиҭаҳкып ҳәа ҳалагахьеит, аха аҟәарарӷәӷәара ада уи залыршахом. Аӡыршьҭра еиҭаагар, аӡеизакырҭаҿ аӡы лаҟәуеит, арахь аӡыршьҭра еиҭакымзар ауам, избанзар усҟан ақалақь ӡыда иаанхоит. Адамба абжеиҳара ҵшәаауп. Уи арӷәӷәара ҳамч ақәхаӡом", - ҳәа иҳәеит иара.

Лаҵара 22 рзы аобиект даҭааит Аслан Бжьаниа. Габилаиа иажәақәа рыла, аусурақәа рымҩаԥгара анапы иануп "Аԥсныҟәарахьчара".

Аӡеизакырҭа аремонт асмета ҵыԥхгьы ишьақәдыргылахьан. Миллионк инеиҳаны иазоужьуп аӡыршьҭра аиагара ҳәа иҳәеит Габилаиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0