https://sputnik-abkhazia.info/20211112/akhada-my-ayati-aeizakyra-aagylazaasha-geieit-1036305705.html
Ахада Мықә ақыҭаҿтәи аӡеизакырҭа аҭагылазаашьа гәеиҭеит
Ахада Мықә ақыҭаҿтәи аӡеизакырҭа аҭагылазаашьа гәеиҭеит
Sputnik Аҧсны
Абҵара 12 азы Аслан Бжьаниа Очамчыра араион агәаҭаразы даҭааит. 12.11.2021, Sputnik Аҧсны
2021-11-12T14:11+0300
2021-11-12T14:11+0300
2021-11-12T14:16+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аслан бжьаниа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/0c/1036304298_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_5ebd6cf548decba7d8a332c434d6daa4.jpg
АҞӘА, абҵара 12 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Мықә ақыҭаҿтәи аӡеизакырҭа аҭагылазаашьа зеиԥшроу гәеиҭеит.Ари аӡеизакырҭаҟынтәи аӡы нарышьҭуеит Очамчыра ақалақь, ақыҭақәа Мықә, Араду, Маркула рахь. Ааигәа ииасуа аӡиас Дәаб аӡхыҵрақәа раан 300 метра иҟоу адамба ҵнаӡәӡәаауеит. Абри аан ақалақь ӡыда иаанхоит.Аӡеизакырҭа аремонт ахарџьынҵа 2020 шықәсазы ишьақәдыргылахьан, миллионк инеиҳаны итәоит аӡышьҭра аԥсахра мацара.Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Демир Гамсаниа ишиҳәаз ала, 2021 шықәсазы иазԥхьагәаҭоуп амқьаҭқәа ҩбеи аӡымҩангагақәеи рыргылара ахыркәшара. Аремонттә усурақәа рнардадаҩ хадас иҟоуп Аҳәынҭстандартргылара. 2021 шықәсазтәи аԥаразоужьра алимит – 15 миллион мааҭ ыҟоуп.Гамсаниа иҳәеит Очамчыра аӡеихшарҭатә ҳа аҭагылазаашьа уашәшәыроуп, аха аӡеизакырҭақәа ҩба рҟынӡа аӡы бзианы инеиуеит ҳәа."Амқьаҭқәа руак аҭагылазаашьа бзиоуп, егьи маҷк аӡы ацәцоит. 500 куб акуеит, аха иҭоуҭәарц иалшо 100 роуп", – иҳәеит иара.Бжьаниа аҵыхәтәаны ара даныҟаз лаҵарамзазы акәын.
https://sputnik-abkhazia.info/20210525/Myti-aeizakyra-aiashayrgylara-million-maak-ryna-akharkhoit-1032486532.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/0c/1036304298_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_a0b2529ba2ea89adb38f3322e98f0ced.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аслан бжьаниа
ажәабжьқәа, аслан бжьаниа
Ахада Мықә ақыҭаҿтәи аӡеизакырҭа аҭагылазаашьа гәеиҭеит
14:11 12.11.2021 (ирҿыцуп: 14:16 12.11.2021) Абҵара 12 азы Аслан Бжьаниа Очамчыра араион агәаҭаразы даҭааит.
АҞӘА, абҵара 12 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Мықә ақыҭаҿтәи аӡеизакырҭа аҭагылазаашьа зеиԥшроу гәеиҭеит.
Ари аӡеизакырҭаҟынтәи аӡы нарышьҭуеит Очамчыра ақалақь, ақыҭақәа Мықә, Араду, Маркула рахь. Ааигәа ииасуа аӡиас Дәаб аӡхыҵрақәа раан 300 метра иҟоу адамба ҵнаӡәӡәаауеит. Абри аан ақалақь ӡыда иаанхоит.
Аӡеизакырҭа аремонт ахарџьынҵа 2020 шықәсазы ишьақәдыргылахьан, миллионк инеиҳаны итәоит аӡышьҭра аԥсахра мацара.
Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Демир Гамсаниа ишиҳәаз ала, 2021 шықәсазы иазԥхьагәаҭоуп амқьаҭқәа ҩбеи аӡымҩангагақәеи рыргылара ахыркәшара. Аремонттә усурақәа рнардадаҩ хадас иҟоуп Аҳәынҭстандартргылара. 2021 шықәсазтәи аԥаразоужьра алимит – 15 миллион мааҭ ыҟоуп.
Гамсаниа иҳәеит Очамчыра аӡеихшарҭатә ҳа аҭагылазаашьа уашәшәыроуп, аха аӡеизакырҭақәа ҩба рҟынӡа аӡы бзианы инеиуеит ҳәа.
"Амқьаҭқәа руак аҭагылазаашьа бзиоуп, егьи маҷк аӡы ацәцоит. 500 куб акуеит, аха иҭоуҭәарц иалшо 100 роуп", – иҳәеит иара.
Бжьаниа аҵыхәтәаны ара даныҟаз лаҵарамзазы акәын.