Аԥсны

Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара аграфик ҿыц алагалоуп

Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара аграфик аԥсахрақәа аланагалеит "Амшынеиқәафымцамч".
Sputnik
АҞӘА, абҵара 12 - Sputnik. Абҵарамза 12 инаркны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара аграфик ҿыц алагалоуп.
Афымцалашара аиуразы аԥкрақәа алагалоуп ацәаҳәақәа ирықәу аидара ахьарзышьҭымхуа иахҟьаны ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Уаанӡа иалагалаз уахынлатәи аграфик аԥыхуп.
Абҵарамза 11 рзы "Амшынеиқәафымцамч" адырра ҟанаҵеит афымцацәаҳәа "Аҽгәара" иақәу ақәыӷәӷәара еизҳар, аамҭа-аамҭала алашара арцәара иалагоит ҳәа.
Уи аԥхьа, жьҭаара 28 инаркны Аԥсны мрагыларатәи ахәҭеи Аҟәа ахәҭаки рҿы аамҭа-аамҭала алашара дырцәо иалагеит авольтҳарак цәаҳәа-110 "Шешелеҭ-1" иақәу ақәыӷәӷәара ахьазышьҭымхуаз иахҟьаны.