Аԥсны

Бжьаниа амҩаду Аҟәа-Очамчыра арлашаразы аусурақәа шцо гәеиҭеит

Абҵара 12 рзы Аслан Бжьаниа Очамчыра араион аҿы агәаҭаратә ныҟәара мҩаԥигоит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 12 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аӡҩыбжьа ақыҭа иахьаҵанакуа ареспубликатә мҩаду ахәҭа гәеиҭеит. Уа уажәы алашараз ашьаҟақәа рыргылара иаҿуп.
Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Демир Гамсаниа аҳәынҭқарра ахада изеиҭеиҳәеит аусурақәа актәи рыхәҭа 19 километра шрыҵаркуа. Аусурақәа хыркәшахароуп 2022 шықәса ԥхынҷкәынмзазы, аха излахәаԥшуа ала, заа ирылгар рылшоит. Раԥхьа лашарала еиқәыршәахоит Аӡҩыбжьеи Лабреи ирыбжьаркуа амҩахәҭа.
Аслан Бжьаниа амҩаду Аҟәа-Очамчыра арлашаразы аусурақәа шцо гәеиҭеит
Амҩаду Аҟәа - Очамчыратәи ахаҵәирҭа 45 километра иҟоуп. Раԥхьа 605 шьаҟа дыргылоит, анаҩс - 700.
"Ашьаҟақәа ф-ганк рымоуп, цинкла икәыршоуп имжьакцарц азы", - ҳәа иҳәеит Гамсаниа.
Аусурақәа мҩаԥнагоит "Амшынеиқәафымцамч".
Аслан Бжьаниа амҩаду Аҟәа-Очамчыра арлашаразы аусурақәа шцо гәеиҭеит
Лаҵарамзазы аекономика аминистр Кристина Озган имҩаԥылгаз аилацәажәараҿы Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба еиҭеиҳәеит амҩаду Аҟәа-Очамчыра ахәҭак 2021 шықәсазы лашарала ишеиқәыршәахо. Иара иажәақәа рыла, аԥхьанатә лашарала еиқәыршәахоит 19 километра. Уи иазоужьхоит 83 миллион мааҭ.
Ареспубликатә мҩаду лашарала еиқәыршәахоит Аинвестициатә программа ахарџь ала.
Аԥсны
Амҩаду Аҟәа-Егры лашарала аиқәыршәара хацыркуп