https://sputnik-abkhazia.info/20211112/bzhania-amadu-aa-ochamchyra-arlasharazy-ausuraa-shtso-geieit-1036302906.html
Бжьаниа амҩаду Аҟәа-Очамчыра арлашаразы аусурақәа шцо гәеиҭеит
Бжьаниа амҩаду Аҟәа-Очамчыра арлашаразы аусурақәа шцо гәеиҭеит
Sputnik Аҧсны
Абҵара 12 рзы Аслан Бжьаниа Очамчыра араион аҿы агәаҭаратә ныҟәара мҩаԥигоит. 12.11.2021, Sputnik Аҧсны
2021-11-12T12:25+0300
2021-11-12T12:25+0300
2021-11-12T12:59+0300
аԥсны
ауаажәларра
ажәабжьқәа
аслан бжьаниа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/0c/1036301644_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_5005ff6aca95863ee9c3ef0042b71997.jpg
АҞӘА, абҵара 12 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аӡҩыбжьа ақыҭа иахьаҵанакуа ареспубликатә мҩаду ахәҭа гәеиҭеит. Уа уажәы алашараз ашьаҟақәа рыргылара иаҿуп.Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Демир Гамсаниа аҳәынҭқарра ахада изеиҭеиҳәеит аусурақәа актәи рыхәҭа 19 километра шрыҵаркуа. Аусурақәа хыркәшахароуп 2022 шықәса ԥхынҷкәынмзазы, аха излахәаԥшуа ала, заа ирылгар рылшоит. Раԥхьа лашарала еиқәыршәахоит Аӡҩыбжьеи Лабреи ирыбжьаркуа амҩахәҭа.Амҩаду Аҟәа - Очамчыратәи ахаҵәирҭа 45 километра иҟоуп. Раԥхьа 605 шьаҟа дыргылоит, анаҩс - 700."Ашьаҟақәа ф-ганк рымоуп, цинкла икәыршоуп имжьакцарц азы", - ҳәа иҳәеит Гамсаниа.Аусурақәа мҩаԥнагоит "Амшынеиқәафымцамч".Лаҵарамзазы аекономика аминистр Кристина Озган имҩаԥылгаз аилацәажәараҿы Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба еиҭеиҳәеит амҩаду Аҟәа-Очамчыра ахәҭак 2021 шықәсазы лашарала ишеиқәыршәахо. Иара иажәақәа рыла, аԥхьанатә лашарала еиқәыршәахоит 19 километра. Уи иазоужьхоит 83 миллион мааҭ.Ареспубликатә мҩаду лашарала еиқәыршәахоит Аинвестициатә программа ахарџь ала.
https://sputnik-abkhazia.info/20211029/amadu-aa-egry-lasharala-aiyrshara-khatsyrkup-1036115870.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/0c/1036301644_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_49ef998b9b2d4b70721655f62a5471a0.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ауаажәларра, ажәабжьқәа, аслан бжьаниа
ауаажәларра, ажәабжьқәа, аслан бжьаниа
Бжьаниа амҩаду Аҟәа-Очамчыра арлашаразы аусурақәа шцо гәеиҭеит
12:25 12.11.2021 (ирҿыцуп: 12:59 12.11.2021) Абҵара 12 рзы Аслан Бжьаниа Очамчыра араион аҿы агәаҭаратә ныҟәара мҩаԥигоит.
АҞӘА, абҵара 12 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аӡҩыбжьа ақыҭа иахьаҵанакуа ареспубликатә мҩаду ахәҭа гәеиҭеит. Уа уажәы алашараз ашьаҟақәа рыргылара иаҿуп.
Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Демир Гамсаниа аҳәынҭқарра ахада изеиҭеиҳәеит аусурақәа актәи рыхәҭа 19 километра шрыҵаркуа. Аусурақәа хыркәшахароуп 2022 шықәса ԥхынҷкәынмзазы, аха излахәаԥшуа ала, заа ирылгар рылшоит. Раԥхьа лашарала еиқәыршәахоит Аӡҩыбжьеи Лабреи ирыбжьаркуа амҩахәҭа.
Амҩаду Аҟәа - Очамчыратәи ахаҵәирҭа 45 километра иҟоуп. Раԥхьа 605 шьаҟа дыргылоит, анаҩс - 700.
"Ашьаҟақәа ф-ганк рымоуп, цинкла икәыршоуп имжьакцарц азы", - ҳәа иҳәеит Гамсаниа.
Аусурақәа мҩаԥнагоит "Амшынеиқәафымцамч".
Лаҵарамзазы аекономика аминистр Кристина Озган имҩаԥылгаз аилацәажәараҿы Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба еиҭеиҳәеит амҩаду Аҟәа-Очамчыра ахәҭак 2021 шықәсазы лашарала ишеиқәыршәахо. Иара иажәақәа рыла, аԥхьанатә лашарала еиқәыршәахоит 19 километра. Уи иазоужьхоит 83 миллион мааҭ.
Ареспубликатә мҩаду лашарала еиқәыршәахоит Аинвестициатә программа ахарџь ала.