Аԥсны

Бжьаниа Очамчыратәи ахәыҷбаҳча "Аӡыхь" аҭагылазаашьа гәеиҭеит

Очамчыратәи ахәыҷбаҳча "Аӡыхь" 120-ҩык ахәыҷқәа рҭыԥ амоуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 12 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аслан Бжьаниа зусура хацызмыркыц Очамчыратәи ахәыҷбаҳча ҿыц "Аӡыхь" аҭагылазаашьа гәеиҭеит.
Очамчыратәи ахәыҷбаҳча "Аӡыхь"
Аобиект ахархәарахь ирыҭан 2020 шықәсазы, аха аусура изаламгеит. Ахәыҷбаҳча аиҳабы Алла Гьергьиаԥҳа ишылҳәо ала, аӡы нагам, алашарбагақәа блит, иаакәыршаны ажәырҭра ахыҵәоуп.
Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Демир Гамсаниа еиҭеиҳәеит аӡы аобиект ахь анагаразы амқьаҭқәа ргылатәуп ҳәа. Урҭ раахәара иазоужьуп 280 000 мааҭ. Ари аус нагӡахоит ашықәс нҵәаанӡа.
Аԥсны
Ахада Мықә ақыҭаҿтәи аӡеизакырҭа аҭагылазаашьа гәеиҭеит
"Агхақәа змаз аобиектқәа рацәоуп. Аӡы амнеира мзызс иазыҟоу аԥхьа алимитқәа шьақәыргыланы нас апроект-сметатә документациа ахьыҟарҵаз ауп", – иҳәеит иара.
Гамсаниа иазгәеиҭеит аобиект аамҭа мгакәа ахархәарахь ишрыҭатәу, ауаа аныҩнам ахыбра лассы иажәуеит ҳәа.
"Ашықәс нҵәаанӡа иԥхасҭоу аиҭашьақәыргылара алшап ҳәа сгәыӷуеит", - иҳәеит иара.
Ахәыҷбаҳча ргылан 2017-2019 шықәсқәа рызтәи Аинвестициатә программа инақәыршәаны. Аусурақәа ирылаган 2017 шықәсазы.
Апроекттә хәыԥса – 129 миллион мааҭ итәоит.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Кындыӷтәи ауҭраҭыхааӡарҭа даҭааит