https://sputnik-abkhazia.info/20211112/bzhania-ochamchyrati-akhybacha-aykh-aagylazaasha-geieit-1036308098.html
Бжьаниа Очамчыратәи ахәыҷбаҳча "Аӡыхь" аҭагылазаашьа гәеиҭеит
Бжьаниа Очамчыратәи ахәыҷбаҳча "Аӡыхь" аҭагылазаашьа гәеиҭеит
Sputnik Аҧсны
Очамчыратәи ахәыҷбаҳча "Аӡыхь" 120-ҩык ахәыҷқәа рҭыԥ амоуп. 12.11.2021, Sputnik Аҧсны
2021-11-12T15:40+0300
2021-11-12T15:40+0300
2021-11-12T16:25+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аслан бжьаниа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/0c/1036307065_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_c6e104deb3410958071917e3950d0bcf.jpg
АҞӘА, абҵара 12 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аслан Бжьаниа зусура хацызмыркыц Очамчыратәи ахәыҷбаҳча ҿыц "Аӡыхь" аҭагылазаашьа гәеиҭеит.Аобиект ахархәарахь ирыҭан 2020 шықәсазы, аха аусура изаламгеит. Ахәыҷбаҳча аиҳабы Алла Гьергьиаԥҳа ишылҳәо ала, аӡы нагам, алашарбагақәа блит, иаакәыршаны ажәырҭра ахыҵәоуп.Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Демир Гамсаниа еиҭеиҳәеит аӡы аобиект ахь анагаразы амқьаҭқәа ргылатәуп ҳәа. Урҭ раахәара иазоужьуп 280 000 мааҭ. Ари аус нагӡахоит ашықәс нҵәаанӡа."Агхақәа змаз аобиектқәа рацәоуп. Аӡы амнеира мзызс иазыҟоу аԥхьа алимитқәа шьақәыргыланы нас апроект-сметатә документациа ахьыҟарҵаз ауп", – иҳәеит иара.Гамсаниа иазгәеиҭеит аобиект аамҭа мгакәа ахархәарахь ишрыҭатәу, ауаа аныҩнам ахыбра лассы иажәуеит ҳәа."Ашықәс нҵәаанӡа иԥхасҭоу аиҭашьақәыргылара алшап ҳәа сгәыӷуеит", - иҳәеит иара.Ахәыҷбаҳча ргылан 2017-2019 шықәсқәа рызтәи Аинвестициатә программа инақәыршәаны. Аусурақәа ирылаган 2017 шықәсазы.
https://sputnik-abkhazia.info/20211112/akhada-my-ayati-aeizakyra-aagylazaasha-geieit-1036305705.html
https://sputnik-abkhazia.info/20211112/aslan-bzhania-kyndati-auraykhaaara-daaait-1036305028.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/0c/1036307065_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_9319e1f9a3967fbe552f4ac5321bbd7c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аслан бжьаниа
ажәабжьқәа, аслан бжьаниа
Бжьаниа Очамчыратәи ахәыҷбаҳча "Аӡыхь" аҭагылазаашьа гәеиҭеит
15:40 12.11.2021 (ирҿыцуп: 16:25 12.11.2021) Очамчыратәи ахәыҷбаҳча "Аӡыхь" 120-ҩык ахәыҷқәа рҭыԥ амоуп.
АҞӘА, абҵара 12 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аслан Бжьаниа зусура хацызмыркыц Очамчыратәи ахәыҷбаҳча ҿыц "Аӡыхь" аҭагылазаашьа гәеиҭеит.
Аобиект ахархәарахь ирыҭан 2020 шықәсазы, аха аусура изаламгеит. Ахәыҷбаҳча аиҳабы Алла Гьергьиаԥҳа ишылҳәо ала, аӡы нагам, алашарбагақәа блит, иаакәыршаны ажәырҭра ахыҵәоуп.
Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Демир Гамсаниа еиҭеиҳәеит аӡы аобиект ахь анагаразы амқьаҭқәа ргылатәуп ҳәа. Урҭ раахәара иазоужьуп 280 000 мааҭ. Ари аус нагӡахоит ашықәс нҵәаанӡа.
"Агхақәа змаз аобиектқәа рацәоуп. Аӡы амнеира мзызс иазыҟоу аԥхьа алимитқәа шьақәыргыланы нас апроект-сметатә документациа ахьыҟарҵаз ауп", – иҳәеит иара.
Гамсаниа иазгәеиҭеит аобиект аамҭа мгакәа ахархәарахь ишрыҭатәу, ауаа аныҩнам ахыбра лассы иажәуеит ҳәа.
"Ашықәс нҵәаанӡа иԥхасҭоу аиҭашьақәыргылара алшап ҳәа сгәыӷуеит", - иҳәеит иара.
Ахәыҷбаҳча ргылан 2017-2019 шықәсқәа рызтәи Аинвестициатә программа инақәыршәаны. Аусурақәа ирылаган 2017 шықәсазы.
Апроекттә хәыԥса – 129 миллион мааҭ итәоит.