АҞӘА, абҵара 19 - Sputnik. COVID-19 азы атестқәа арҭеит 476-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 126-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 80 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы лыԥсҭазаара далҵит 1941 шықәса рзы ииз аԥҳәыс.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 56-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 25-ҩык, ибжьаратәуп - 31-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 41-ы, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 20-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 23-ҩык, урҭ рахьтә ԥшьҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы жәаҩык ачымазцәа шьҭоуп. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 74-ҩык, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.