https://sputnik-abkhazia.info/20211119/asny-akoronavirus-zlany-zysazaara-ialkhou-500-yk-ryna-inaeit-1036406122.html
Аԥсны акоронавирус зланы зыԥсҭазаара иалҵхьоу 500-ҩык рҟынӡа инаӡеит
Аԥсны акоронавирус зланы зыԥсҭазаара иалҵхьоу 500-ҩык рҟынӡа инаӡеит
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ачымазараҿкы зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара 33819-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәабзиара шьақәгылахьеит 27870-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит... 19.11.2021, Sputnik Аҧсны
2021-11-19T23:27+0300
2021-11-19T23:27+0300
2021-11-19T23:40+0300
аԥсны
ауаажәларра
ажәабжьқәа
аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/13/1036413417_0:145:3126:1903_1920x0_80_0_0_638957a25d9094f638cabcf2b9bdaaa4.jpg
АҞӘА, абҵара 19 - Sputnik. COVID-19 азы атестқәа арҭеит 476-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 126-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 80 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы лыԥсҭазаара далҵит 1941 шықәса рзы ииз аԥҳәыс.Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 56-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 25-ҩык, ибжьаратәуп - 31-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 41-ы, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 20-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 23-ҩык, урҭ рахьтә ԥшьҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы жәаҩык ачымазцәа шьҭоуп. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 74-ҩык, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/13/1036413417_199:0:2928:2047_1920x0_80_0_0_4f43f6400c4ff72124d733157525363e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ауаажәларра, ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
ауаажәларра, ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
Аԥсны акоронавирус зланы зыԥсҭазаара иалҵхьоу 500-ҩык рҟынӡа инаӡеит
23:27 19.11.2021 (ирҿыцуп: 23:40 19.11.2021) Аԥсны ачымазараҿкы зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара 33819-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәабзиара шьақәгылахьеит 27870-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 500-ҩык.
АҞӘА, абҵара 19 - Sputnik. COVID-19 азы атестқәа арҭеит 476-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 126-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 80 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы лыԥсҭазаара далҵит 1941 шықәса рзы ииз аԥҳәыс.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 56-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 25-ҩык, ибжьаратәуп - 31-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 41-ы, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 20-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 23-ҩык, урҭ рахьтә ԥшьҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы жәаҩык ачымазцәа шьҭоуп. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 74-ҩык, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.