Гинцбург еиҭеиҳәеит COVID-19 аҟынтә кыраамҭатәи алаҵаҟаҵара зыдҳәалоу

2020 шықәсазы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит алаҵа "Спутник V". Ари алаҵа адунеи аҟны раԥхьаӡа акәны COVID-19 хызҽуа ҳәа иԥхьаӡоуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 22 – Sputnik. Акоронавирус 5-10 шықәса уацәызыхьчаша алаҵа аҭыжьра иҟалар зылшо авирус аштаммқәа ирхьырԥшуп, ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Гамалеи ихьӡ зху амикробиологиеи аепидемиологиеи ринститут аиҳабы, COVID-19 аҟынтә алаҵа "Спутник V" аԥызҵаз Александр Гинцбург.
Гинцбург: "Спутник V" аштамм "дельта" авариантқәа зегь рҟынтәи уахьчоит
Иара иҳәеит аҵарауаа шақәгәыӷуаз "Спутник V" иҟоу аштаммқәа шықәсык-ҩышықәса ихнаҽып ҳәа.
"Аха аштамм аҽаԥсахит. Уи иахҟьоит алаҵа ес-фымз аҟаҵара аҭаххара. Зегь зыхҟьо иарбан ахк ҿыцу иҳаднагало ауп", - ҳәа иҳәеит Гинцбург.
Уаанӡа Гамалеи ихьӡ зху Ацентр аҿы ирҳәахьан COVID-19 аҟынтә алаҵа амчхара шықәсыбжак аҩнуҵҟа иԥсыҽхоит ҳәа. Аиҭалаҵаҟаҵара уи аамҭа иацнаҵоит.
Гинцбург "Спутник V" ала аревакцинациа ҟалом ҳәа ирҳәо аҿаԥиҽуеит
2020 шықәсазы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит алаҵа "Спутник V". Ари алаҵа адунеи аҟны раԥхьаӡа акәны COVID-19 хызҽуа ҳәа иԥхьаӡоуп.
Анаҩс ашәҟәы иҭаргалеит алаҵақәа - "ЭпиВакКорона" (новосибирсктәи ацентр "Вектор"), "КовиВак" (Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу М.П. Чумаков ихьӡ зху Аиммунологиатә препаратқәа рыҭҵаареи аус рыдулареи рфедералтә ҭҵаарадырратә центр), "Спутник V" актәи ахәҭа "Спутник Лайт".