Гинцбург: "Спутник V" аштамм "дельта" авариантқәа зегь рҟынтәи уахьчоит

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраШприц и ампула на фоне логотипа "Спутник V".
Шприц и ампула на фоне логотипа Спутник V. - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2021
Анапаҵаҩра
Аштамм "дельта" ахк ҿыц AY.4.2 аарԥшуп Москвеи Москва Амҵани.
АҞӘА, жьҭаара 27 – Sputnik. Алаҵа "Спутник V" акоронавирус ахкқәа зегь рҟынтәи уахьчоит, аштамм "дельта" ахк ҿыцгьы налаҵаны, ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи Рцентр адиректор Александр Гинцбург.
"Алаҵа "Спутник V" акоронавирус ахкқәа зегь рҟынтәи уахьчоит, аштамм "дельта" ахк ҿыцгьы налаҵаны. Ари уаанӡатәи иаҿырԥшны аепидемиатә ҟазшьа амоуит", - иҳәеит Гинцбург, "Спутник V" дельта-штамм ахк ҿыц азы ихәарҭоума ҳәа ирҭаз азҵаара аҭакс.
В России зарегистрирована первая в мире вакцина против COVID-19 для животных - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.10.2021
Роспотребнадзор "дельта" AY.4.2 ашьҭкаара алшар ҟалоит ҳәа азгәарҭеит
Иара иҳәеит, аҿкчымазара ҿыцқәа шцәырҵло, аха убри аан акгьы алаҵәара еиҳа ишеиҳамхо.
Уаанӡа агәабзиарахьчаразы британиатәи амаҵзура (UK Health Security Agency, UKHSA) адырра ҟанаҵахьан зҽеиҭазкуа "дельта" еиҳа лассы иалаҵәар ҟалоит ҳәа. Аштамм ахк ҿыц рдыруеит AY.4.2, ма VUI-21OCT-01 ҳәа.
ААЕ адыррақәа рыла индиатәи аштамм (дельта), B.1.617 захьӡу аарԥшын 2020 шықәса жьҭаарамзазы. Иара аинкубациатә аамҭа еиҳа икьаҿуп, ауаҩы ицәеижьгьы еиҳа анырра ӷәӷәаны ианаҭоит. Уи адагьы ацәеижь алҵра аамҭа еиҳа еиҳауп.
Дельта аҽеиҭанакуеит, ахкқәа рацәахоит. Зегь раасҭа ишәарҭоу ҳәа аҵарауаа иршьоит дельта-плиус. Ааигәа иаарԥшу AY.4.2 астатус азы аҵарауаа макьаназ ҳәамҭа ҟарымҵац.
Ажәабжьқәа зегьы
0