Урыстәыла ишьақәдырӷәӷәеит 2022 шықәсазтәи ахныҟәгараз зыда ԥсыхәа ыҟам

Sputnik
АҞӘА, абҵара 22 - Sputnik. Урыстәыла ишьақәдырӷәӷәеит 2022 шықәса рызтәи ахныҟәгараз ԥсыхәа ыҟам– 12 654 мааҭ, ҳәа аанацҳауеит РИА новости.
Аус зуа рзы ишьақәыргылоуп - 13 793 мааҭ, атәанчаҩцәа рзы - 10 882 мааҭ, ахәыҷқәа рзы - 12 274 мааҭ ҳәа 2022-2024 шықәсазтәи афедералтә биуџьет Урыстәыла ахада Владимир Путин иалагаларақәа инарықәыршәаны.
Асоциалтә зҵаарақәа рзы аилацәажәараҿы Владимир Путин ажәалагала ҟаиҵеит 2022 шықәсазы ахныҟәгараз зыда ԥсыхәа ыҟам ауалафахәы иреиҵаӡоу ашәагаа (МРОТ) 8,6% ирыцҵазарц, зыхә каҳаз аԥара еиҳахартә аиԥш. Ауалафахәы иреиҵаӡоу ашәагаа 13 890 мааҭ ҟалароуп, ахныҟәгаразы ԥсыхәа змам –12 654 мааҭ.
Аҳәынҭстатистикаҿы 2021 шықәса жьҭаарамзазы ахныҟәгаратә маҷ заҟароу рҳәеит
Урыстәыла Аконституциа ала ауалафахәы иреиҵаӡоу ашәагаа ахныҟәгараз зыда ԥсыхәа ыҟам иеиҵамзароуп. Сынтәа иара ишьақәнартәо 11 653 мааҭ роуп: аус зуа рзы – 12 702 мааҭ, атәанчаҩцәа рзы – 10 022 мааҭ, ахәыҷқәа рзы – 11 303 мааҭ, МРОТ - 12 792 мааҭ.
Жьҭаарамзазы Аҳәынҭдума актәи аԥхьарала иаднакылеит азакәан апроект ауалафахәы иреиҵаӡоу ашәагаа 2022 инаркны 13 617мааҭ иҟазарц. Ахада илагала аџьеи асоциалтә политикеи рзы аилак ахәаԥшыроуп.