Аҳәынҭстатистикаҿы 2021 шықәса жьҭаарамзазы ахныҟәгаратә маҷ заҟароу рҳәеит

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКорзина с продуктами
Корзина с продуктами - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2021
Анапаҵаҩра
2020 шықәсазтәи абри аамҭа иаҿырԥшны Аԥсны ауаҩԥсы ахныҟәгаразы изхаша 14,6% рыла еиҳахеит.
АҞӘА, жьҭаара 19 – Sputnik. 2021 шықәса жьҭаара 1 азтәи арбагала Аԥсны аӡәы ихныҟәгаразы хымԥада иҭахуп 8 105 мааҭ, аанацҳауеит Аԥсны астатистикатә усбарҭа асаит.

"Арахь иаҵанакуеит: Афатә ахә - 5544,2 мааҭ, афатәаалыҵ иаҵанамкуа атауар ахә – 1588,7 мааҭ, зыхә ршәо амаҵзурақәа, ашәахтәқәа рыхә – 972,7 мааҭ. 2020 шықәсазтәи абри аамҭа иаҿырԥшны Аԥсны ауаҩԥсы ахныҟәгаразы изхаша 14,6% рыла еиҳахеит", – азгәаҭоуп адырраҭараҿы.

Ахархәаратә хәԥсақәеи, атауарқәеи, амаҵзурақәеи атарифқәеи риндекс 2021 шықәса иалагазар 106,7% итәоит, афатәаалыҵ иаҵанамкуа атауарқәа – 106,2%, афатәаалыҵ тауарқәа – 109,0%, зыхә ршәо амаҵзурақәа – 106,5%.
2021 шықәсатәи ахархәаратә хәԥсақәеи, атауарқәеи, амаҵзурақәеи атарифқәеи риндекс 2020 шықәса абри аамҭа иаҿырԥшны 107,8% итәоит, афатәаалыҵ иаҵанамкуа атауарқәа – 110,4%, афатәаалыҵ тауарқәа – 108,1%, зыхә ршәо амаҵзурақәа – 106,8%.
Ажәабжьқәа зегьы
0