Авирусолог COVID-19 инагӡаны ишухугаз узырбо аҟазшьақәа дрылацәажәеит

ПЦР-тест акоронавирустә инфекциаз ииашоу аҭак анунамҭо ыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 23 – Sputnik. COVID-19 шухугаҵәҟьаз адырразы ПЦР-тест ашьҭахь анализ еиҭарыҭатәуп, еиҳагьы еиӷьуп ашьаҭҵааразы анализ руҭар ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит абиологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, авирусолог Сергеи Нетесов.
Урыстәыла акоронавирус алаҵәара алызмыршо ахәшә аус адырулоит
ПЦР-тест акоронавирустә инфекциаз ииашоу аҭак анунамҭо ыҟоуп, избанзар анализ аԥынҵахәҭаҟынтә иргоит, апатоген аҽа ҭыԥк аҿы иҟазар ҟалоит ҳәа иҳәеит Нетесов.
"ПЦР – аҟырҟи аԥынҵеи рҟынтә игоу уи аҭыԥ аҿы авирус аҟазаароуп иунарбо. Ишдыру аиԥш уахьынтә авирус ирласны иқәҵуеит: иҟалоит ашьа иалазар ма арыԥҳахьы илбаазар" , - ҳәа иҳәоит иара.
ПЦР-тест хԥа-хԥа мшы рыбжьаҵаны игәаҭалатәуп.
Аҳақьым: алаҵа ҟазҵаз COVID-19 аҟазшьақәа цәырымгаӡакәан ирхыргоит
"ПЦР – аҟырҟи аԥынҵеи рҟынтә игоу авирус шьақәнамыргылазар, ПЦР ашьаҟынтә игатәуп, ишыҟаҵәҟьам ашьақәырӷәӷәаразы", - ҳәа иҳәеит Нетесов.
Иара убасгьы иҟоуп аҽа ҭҵаарак – ацәеижьҿагылақәа рнализ.
"Зегьы иреиӷьуп акласс IgG иаҵанакуа ацәеижьҿагылақәа ыҟазар, акласс IgM ацәеижьҿагылақәа ыҟамзар ауп. Ари иаанаго аинфекциа уԥырҵхьеит ауп. IgM ыҟазар, авирус макьаназ уцәеижь зынӡа иннамыжьыц", - ҳәа иҳәеит аҟазауаҩ.
Авирусолог иара убасгьы далацәажәеит COVID-19 аиҭашьҭкаара азҵаарагьы. Ари иахьынӡалшо аларҟәра ҟалоит алаҵаҟаҵарала.
Гинцбург еиҭеиҳәеит COVID-19 аҟынтә кыраамҭатәи алаҵаҟаҵара зыдҳәалоу