https://sputnik-abkhazia.info/20211123/avirusolog-covid-19-inagany-ishukhugaz-uzyrbo-aazshaa-drylatsazheit-1036450180.html
Авирусолог COVID-19 инагӡаны ишухугаз узырбо аҟазшьақәа дрылацәажәеит
Авирусолог COVID-19 инагӡаны ишухугаз узырбо аҟазшьақәа дрылацәажәеит
Sputnik Аҧсны
ПЦР-тест акоронавирустә инфекциаз ииашоу аҭак анунамҭо ыҟоуп. 23.11.2021, Sputnik Аҧсны
2021-11-23T12:47+0300
2021-11-23T12:47+0300
2021-11-23T12:47+0300
ауаажәларра
ажәабжьқәа
акоронавирус адунеи аҿы
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/02/0f/1031842929_0:319:3072:2047_1920x0_80_0_0_c72ce039cad9f4f2059e9026a0399eef.jpg
АҞӘА, абҵара 23 – Sputnik. COVID-19 шухугаҵәҟьаз адырразы ПЦР-тест ашьҭахь анализ еиҭарыҭатәуп, еиҳагьы еиӷьуп ашьаҭҵааразы анализ руҭар ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит абиологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, авирусолог Сергеи Нетесов.ПЦР-тест акоронавирустә инфекциаз ииашоу аҭак анунамҭо ыҟоуп, избанзар анализ аԥынҵахәҭаҟынтә иргоит, апатоген аҽа ҭыԥк аҿы иҟазар ҟалоит ҳәа иҳәеит Нетесов."ПЦР – аҟырҟи аԥынҵеи рҟынтә игоу уи аҭыԥ аҿы авирус аҟазаароуп иунарбо. Ишдыру аиԥш уахьынтә авирус ирласны иқәҵуеит: иҟалоит ашьа иалазар ма арыԥҳахьы илбаазар" , - ҳәа иҳәоит иара.ПЦР-тест хԥа-хԥа мшы рыбжьаҵаны игәаҭалатәуп."ПЦР – аҟырҟи аԥынҵеи рҟынтә игоу авирус шьақәнамыргылазар, ПЦР ашьаҟынтә игатәуп, ишыҟаҵәҟьам ашьақәырӷәӷәаразы", - ҳәа иҳәеит Нетесов.Иара убасгьы иҟоуп аҽа ҭҵаарак – ацәеижьҿагылақәа рнализ."Зегьы иреиӷьуп акласс IgG иаҵанакуа ацәеижьҿагылақәа ыҟазар, акласс IgM ацәеижьҿагылақәа ыҟамзар ауп. Ари иаанаго аинфекциа уԥырҵхьеит ауп. IgM ыҟазар, авирус макьаназ уцәеижь зынӡа иннамыжьыц", - ҳәа иҳәеит аҟазауаҩ.Авирусолог иара убасгьы далацәажәеит COVID-19 аиҭашьҭкаара азҵаарагьы. Ари иахьынӡалшо аларҟәра ҟалоит алаҵаҟаҵарала.
https://sputnik-abkhazia.info/20211111/urystyla-akoronavirus-alaara-alyzmyrsho-akhsh-aus-adyruyloit-1036279360.html
https://sputnik-abkhazia.info/20211105/aaym-alaa-azaz-covid-19-aazshaa-tsyrymgaakan-irkhyrgoit-1036213770.html
https://sputnik-abkhazia.info/20211122/gintsburg-eieieit-covid-19-aynt-kyraamati-alaaaara-zydalou-1036435485.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/02/0f/1031842929_341:0:3072:2048_1920x0_80_0_0_ce81d9ed5db9e86dbd3e017e4019c35a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ауаажәларра, ажәабжьқәа, акоронавирус адунеи аҿы
ауаажәларра, ажәабжьқәа, акоронавирус адунеи аҿы
Авирусолог COVID-19 инагӡаны ишухугаз узырбо аҟазшьақәа дрылацәажәеит
ПЦР-тест акоронавирустә инфекциаз ииашоу аҭак анунамҭо ыҟоуп.
АҞӘА, абҵара 23 – Sputnik. COVID-19 шухугаҵәҟьаз адырразы ПЦР-тест ашьҭахь анализ еиҭарыҭатәуп, еиҳагьы еиӷьуп ашьаҭҵааразы анализ руҭар ҳәа
арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит абиологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, авирусолог Сергеи Нетесов.
ПЦР-тест акоронавирустә инфекциаз ииашоу аҭак анунамҭо ыҟоуп, избанзар анализ аԥынҵахәҭаҟынтә иргоит, апатоген аҽа ҭыԥк аҿы иҟазар ҟалоит ҳәа иҳәеит Нетесов.
"ПЦР – аҟырҟи аԥынҵеи рҟынтә игоу уи аҭыԥ аҿы авирус аҟазаароуп иунарбо. Ишдыру аиԥш уахьынтә авирус ирласны иқәҵуеит: иҟалоит ашьа иалазар ма арыԥҳахьы илбаазар" , - ҳәа иҳәоит иара.
ПЦР-тест хԥа-хԥа мшы рыбжьаҵаны игәаҭалатәуп.
"ПЦР – аҟырҟи аԥынҵеи рҟынтә игоу авирус шьақәнамыргылазар, ПЦР ашьаҟынтә игатәуп, ишыҟаҵәҟьам ашьақәырӷәӷәаразы", - ҳәа иҳәеит Нетесов.
Иара убасгьы иҟоуп аҽа ҭҵаарак – ацәеижьҿагылақәа рнализ.
"Зегьы иреиӷьуп акласс IgG иаҵанакуа ацәеижьҿагылақәа ыҟазар, акласс IgM ацәеижьҿагылақәа ыҟамзар ауп. Ари иаанаго аинфекциа уԥырҵхьеит ауп. IgM ыҟазар, авирус макьаназ уцәеижь зынӡа иннамыжьыц", - ҳәа иҳәеит аҟазауаҩ.
Авирусолог иара убасгьы далацәажәеит COVID-19 аиҭашьҭкаара азҵаарагьы. Ари иахьынӡалшо аларҟәра ҟалоит алаҵаҟаҵарала.