Аԥсны

Ҭенгиз Лакербаиа ишьра аҽазышәаразы ашьаус хацыркуп

Абҵарамза 20-21 ауха Аҟәа араион Ешыра ақыҭан еилкаам ауаҩы Ҭенгиз Лакербаиа ишьразы хынтә диеихсит, абри ашьҭахь аҭыԥ аҟынтә дыбналеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 23 – Sputnik. Аҟәа араион апрокуратура Ешыра ақыҭан инхо Ҭенгиз Лакербаиа ишьразы аҽазышәареи закәаншьаҭада абџьар аахәареи, аҵәахреи, аныҟәгареи рзи ашьаус хацнаркит, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Аԥсны
Алада Ешыра ахәра заузи, Аҟәа амца зыцрарҵыз амашьынеи рзы агәаҭарақәа хацыркуп
Аоперативтә гәыԥ ишьақәнаргылеит, 00:00 сааҭ рзеиԥш Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан автомашьына "Хонда-фит" иақәтәаз еилкаам ахаҿқәа Ҭенгиз Лакербаиа ишьра рҽазыршәеит ҳәа.
Автомашьына "Хонда-фит" аанкылара зҽазызшәаз Роланд Колбаиа ахәра иоуит, иара ахәшәтәырҭахь днаган, ацхыраара анирҭа ашьҭахь аҩныҟа доурышьҭит.
Анаҩс, асааҭ 02:50 азы Аҟәа ақалақь Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусзуҩцәа Басариа имҩаду аҟны ирбеит абылра иаҿыз автомашьына "Хонда -фит". Амца зкыз амашьына дырцәеит Аԥсны АҶА аусзуҩцәа. Амашьынаҟны ирыԥшааит иблыз акәылӡкьаҿ, автомат Калашников ахеиқәыршәаҭрақәа ҩба, иара убас ахеиқәыршәақәа.
Аԥсны
Аҟәа автомашьына блит абҵара 21 ауха