Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Алада Ешыра ахәра заузи, Аҟәа амца зыцрарҵыз амашьынеи рзы агәаҭарақәа хацыркуп

© Sputnik / Томас ТхайцукМашины МВД Абхазии
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.11.2021
Анапаҵаҩра
Абҵарамза 20-21 ауха Аҟәа араион Ешыра ақыҭан еилкаам ахаҿқәа Ҭенгиз Лакербаиа ишьра рҽазыршәеит, уи иахҟьаны дхәын Роланд Колбаиа.
АҞӘА, абҵара 22 - Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа иатәу Аҟәа араион аҟәша ашьаусԥшааратә гәыԥ Алада Ешыра инхо Роланд Колбаиа ихәразы, иара убас Аҟәа амашьына абылреи рзы агәаҭарақәа ирылагеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Ашьаусԥшааратә гәыԥ адыррақәа рыла, абҵарамза 21 ауха Ареспубликатә хәшәтәырҭаҟнытә адырра ҟалеит амедусҳәарҭахь дышнагаз ахәра зауз Роланд Колбаиа, Аҟәа араион амилициа аҟәша аусзуҩцәа "аанкылара-аплан" рыларҳәеит, иаркын амҩа-патрультә маҵзура агәаҭаратә ҭыԥқәа "Маҷара", "Ешыра", "Учхоз", Гәдоуҭа араион "Приморск".

Аоперативтә гәыԥ ишьақәнаргылеит, 00:00 сааҭ рзеиԥш Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан автомашьына "Хонда-фит" иақәтәаз еилкаам ахаҿқәа Ҭенгиз Лакербаиа ишьра рҽазыршәеит ҳәа.

Автомашьына "Хонда-фит" аанкылара зҽазызшәаз Колбаиа ахәра иоуит, иара ахәшәтәырҭахь днаган, ацхыраара анирҭа ашьҭахь аҩныҟа доурышьҭит.
На улице Басария загорелся автомобиль Хонда Фит - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.11.2021
Аԥсны
Аҟәа автомашьына блит абҵара 21 ауха
Анаҩс 02:50 Аҟәа ақалақь Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусзуҩцәа Басариа имҩаду аҟны ирбеит абылра иаҿыз автомашьына "Хонда -фит". Амца зкыз амашьына дырцәеит Аԥсны АҶА аусзуҩцәа. Амашьынаҟны ирыԥшааит иблыз акәылӡкьаҿ, автомат Калашников ахеиқәыршәаҭрақәа ҩба, иара убас ахеиқәыршәақәа.

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура иазгәанаҭеит, ааха зауз мап шыркыз иҟалаз ахҭыс азын азинхьчаратә усбарҭақәа рахь ашәҟәы аҩра. Иҟалаз ахҭыс зыблала избазгьы ашаҳҭтә ҿахәҳәара мап ацәыркит.

Аҟәа араион апрокуратура ахҭыс азы инагӡоу аилыргарақәеи, Лакербаиа ишьразы иҟаз аҽазышәара аганахьалеи ашьаус ахацыркразы азҵаара аӡбра мҩаԥнагоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0