Аԥсны

Џьопуа: Аԥсны акоронавирус зыхьуа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара маҷк иагхеит

Абҵара 26 рызтәи аҭагылазаашьала, аепидемиа ҵысыижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 34652-ҩык рҟынӡа инаӡоит, ргәы бзиахахьеит 28688-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 524-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 26 – Sputnik. Ахәыҷқәа рыбжьара COVID-19 зыхьуа рхыԥхьаӡара маҷк иагхеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭа аҳақьым хада Игор Џьопуа.
"Аҵыхәтәантәи шықәсыбжак иалагӡаны ҳхәшәтәырҭаҿы аус ауеит ҽынлатәи астационар, ачымазцәа рхыԥхьаӡара ари аамҭа иалагӡаны шамахамзар аҽаԥсахӡом. Ҽнак ала 5-6-ҩык рҟынӡа рыхәшәтәра ҳаҿуп, урҭ ааины ахәшә рыларҵоит, ПЦР-тест ҟарҵоит, ма аҳақьым дрыхәаԥшуеит, уҳәа иахәҭоу ацхыраара роуеит. Ичмазаҩхо рхыԥхьаӡара иацлеит ҳәа сызҳәом, маҷк иагхеит", - иҳәеит иара.
Аԥсны
Аԥсны асанҳақьым хада аԥыза-министр изеиҭалҳәеит атәылаҿы аепидҭагылазаашьа зеиԥшроу
Ахәыҷқәа еиҳа имарианы COVID-19 рхыргоит, аха уеизгьы уарла-шәарла иҟоуп иуадаҩны изхызгогьы иҳәеит Џьопуа.
"Ахәыҷқәа рҿы акоронавирус симптомада имҩасуеит еиҳарак, иҟалалоит аҭаацәа уи шрыхьыз анырзеилымкаауа. Убри азы ҳара ҳҿы агәыҵәкра рыманы иаангоит, еиҳарак шоурада, симптомада. ПЦР анрымҳхлакгьы, уи акоронавирус рылоуп ҳәагьы унарбаӡом, избанзар уи аамҭазы авирус рылҵхьеит, аха иааннажьыз ахҟьаԥҟьақәа рыла иаадыруеит", - иҳәеит ахәыҷтәы хәшәтәырҭа аҳақьым хада.
Шьоукы-шьоук ахәыҷқәа рсатурациа лаҟәны инанагоит, урҭ мышқәак аҵәыҵәри рҿаркуеит.
Аҳауазымхара зызцәырҵуа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара маҷк иацлеит. Ҳара иҳалшаӡом уахгьы-ҽынгьы акоронавирус зыхбуа ара рышьҭаҵара. Ианааилак, аҵәыҵәритә сабрада шаҟа аамҭа аҭаху ирҿакны, ахәшә рылаҵатәызар, ирылаҵаны, ацхыраара рыҭаны иоуҳашьҭуеит", - иҳәеит Џьопуа.
COVID-19 зхызгахьоу ахәыҷқәа ракәзар, урҭ ара ишьҭарҵар рылшоит. 25-ҩык рҟынӡа рыдыркылартә алшара рымоуп. COVID-19 зланы ашьҭаҵара зҭаху ахәыҷы Гәдоуҭатәи аковид-хәшәтәырҭахь ирышьҭуеит.
Аԥсны
Урыстәылатәи аепидемиолог Аԥсны аҭагылазаашьа ахәшьара аиҭеит
Џьопуа излеиҳәаз ала, 2022 шықәса алагамҭазы Аԥсныҟа иаар ауеит 12-17 шықәса зхыҵуа ақәыԥшцәа рзы алаҵа "Спутник М".
"Макьана иуадаҩуп аҳәара, ҳтәылауаа уи ала алаҵа шрыдыркылаша. Аха ахәыҷқәа ари ачымазара ркуеит, даҽаӡәы идырхьыр рылшоит, уи иазы иаҭахуп ҳәа сгәы иаанагоит, аха аҵыхәанынӡа ианҭырҵаауа ҳәа иазыԥштәуп", - иҳәеит ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭа аҳақьым хада.
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 62-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 22-а, ибжьаратәуп - 40-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 39-ҩык, урҭ рахьтә 15-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 24-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 17-ҩык, урҭ рахьтә хҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 10-ҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 73-ҩык апациентцәа, хәҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.