https://sputnik-abkhazia.info/20211128/opua-asny-akoronavirus-zykhua-akhya-rkhykhaara-mak-iagkheit-1036506624.html
Џьопуа: Аԥсны акоронавирус зыхьуа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара маҷк иагхеит
Џьопуа: Аԥсны акоронавирус зыхьуа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара маҷк иагхеит
Sputnik Аҧсны
Абҵара 26 рызтәи аҭагылазаашьала, аепидемиа ҵысыижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 34652-ҩык рҟынӡа инаӡоит, ргәы бзиахахьеит... 28.11.2021, Sputnik Аҧсны
2021-11-28T11:35+0300
2021-11-28T11:35+0300
2021-11-28T11:35+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0a/15/1036000870_0:160:3073:1888_1920x0_80_0_0_86fd3213d3fccbd2ff4840bf210008e4.jpg
АҞӘА, абҵара 26 – Sputnik. Ахәыҷқәа рыбжьара COVID-19 зыхьуа рхыԥхьаӡара маҷк иагхеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭа аҳақьым хада Игор Џьопуа. "Аҵыхәтәантәи шықәсыбжак иалагӡаны ҳхәшәтәырҭаҿы аус ауеит ҽынлатәи астационар, ачымазцәа рхыԥхьаӡара ари аамҭа иалагӡаны шамахамзар аҽаԥсахӡом. Ҽнак ала 5-6-ҩык рҟынӡа рыхәшәтәра ҳаҿуп, урҭ ааины ахәшә рыларҵоит, ПЦР-тест ҟарҵоит, ма аҳақьым дрыхәаԥшуеит, уҳәа иахәҭоу ацхыраара роуеит. Ичмазаҩхо рхыԥхьаӡара иацлеит ҳәа сызҳәом, маҷк иагхеит", - иҳәеит иара. Ахәыҷқәа еиҳа имарианы COVID-19 рхыргоит, аха уеизгьы уарла-шәарла иҟоуп иуадаҩны изхызгогьы иҳәеит Џьопуа.Шьоукы-шьоук ахәыҷқәа рсатурациа лаҟәны инанагоит, урҭ мышқәак аҵәыҵәри рҿаркуеит. Аҳауазымхара зызцәырҵуа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара маҷк иацлеит. Ҳара иҳалшаӡом уахгьы-ҽынгьы акоронавирус зыхбуа ара рышьҭаҵара. Ианааилак, аҵәыҵәритә сабрада шаҟа аамҭа аҭаху ирҿакны, ахәшә рылаҵатәызар, ирылаҵаны, ацхыраара рыҭаны иоуҳашьҭуеит", - иҳәеит Џьопуа.COVID-19 зхызгахьоу ахәыҷқәа ракәзар, урҭ ара ишьҭарҵар рылшоит. 25-ҩык рҟынӡа рыдыркылартә алшара рымоуп. COVID-19 зланы ашьҭаҵара зҭаху ахәыҷы Гәдоуҭатәи аковид-хәшәтәырҭахь ирышьҭуеит.Џьопуа излеиҳәаз ала, 2022 шықәса алагамҭазы Аԥсныҟа иаар ауеит 12-17 шықәса зхыҵуа ақәыԥшцәа рзы алаҵа "Спутник М".Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 62-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 22-а, ибжьаратәуп - 40-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 39-ҩык, урҭ рахьтә 15-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 24-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 17-ҩык, урҭ рахьтә хҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 10-ҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 73-ҩык апациентцәа, хәҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
https://sputnik-abkhazia.info/20211126/asny-asanaym-khada-ayza-ministr-izeialeit-atylay-aepidagylazaasha-zeishrou-1036488157.html
https://sputnik-abkhazia.info/20211127/urystylati-aepidemiolg-asny-aagylazaasha-akhshara-aieit-1036499248.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0a/15/1036000870_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_1d02f174e97073fbd8fc3ae40571f54c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
Џьопуа: Аԥсны акоронавирус зыхьуа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара маҷк иагхеит
Абҵара 26 рызтәи аҭагылазаашьала, аепидемиа ҵысыижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 34652-ҩык рҟынӡа инаӡоит, ргәы бзиахахьеит 28688-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 524-ҩык.
АҞӘА, абҵара 26 – Sputnik. Ахәыҷқәа рыбжьара COVID-19 зыхьуа рхыԥхьаӡара маҷк иагхеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭа аҳақьым хада Игор Џьопуа.
"Аҵыхәтәантәи шықәсыбжак иалагӡаны ҳхәшәтәырҭаҿы аус ауеит ҽынлатәи астационар, ачымазцәа рхыԥхьаӡара ари аамҭа иалагӡаны шамахамзар аҽаԥсахӡом. Ҽнак ала 5-6-ҩык рҟынӡа рыхәшәтәра ҳаҿуп, урҭ ааины ахәшә рыларҵоит, ПЦР-тест ҟарҵоит, ма аҳақьым дрыхәаԥшуеит, уҳәа иахәҭоу ацхыраара роуеит. Ичмазаҩхо рхыԥхьаӡара иацлеит ҳәа сызҳәом, маҷк иагхеит", - иҳәеит иара.
Ахәыҷқәа еиҳа имарианы COVID-19 рхыргоит, аха уеизгьы уарла-шәарла иҟоуп иуадаҩны изхызгогьы иҳәеит Џьопуа.
"Ахәыҷқәа рҿы акоронавирус симптомада имҩасуеит еиҳарак, иҟалалоит аҭаацәа уи шрыхьыз анырзеилымкаауа. Убри азы ҳара ҳҿы агәыҵәкра рыманы иаангоит, еиҳарак шоурада, симптомада. ПЦР анрымҳхлакгьы, уи акоронавирус рылоуп ҳәагьы унарбаӡом, избанзар уи аамҭазы авирус рылҵхьеит, аха иааннажьыз ахҟьаԥҟьақәа рыла иаадыруеит", - иҳәеит ахәыҷтәы хәшәтәырҭа аҳақьым хада.
Шьоукы-шьоук ахәыҷқәа рсатурациа лаҟәны инанагоит, урҭ мышқәак аҵәыҵәри рҿаркуеит.
Аҳауазымхара зызцәырҵуа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара маҷк иацлеит. Ҳара иҳалшаӡом уахгьы-ҽынгьы акоронавирус зыхбуа ара рышьҭаҵара. Ианааилак, аҵәыҵәритә сабрада шаҟа аамҭа аҭаху ирҿакны, ахәшә рылаҵатәызар, ирылаҵаны, ацхыраара рыҭаны иоуҳашьҭуеит", - иҳәеит Џьопуа.
COVID-19 зхызгахьоу ахәыҷқәа ракәзар, урҭ ара ишьҭарҵар рылшоит. 25-ҩык рҟынӡа рыдыркылартә алшара рымоуп. COVID-19 зланы ашьҭаҵара зҭаху ахәыҷы Гәдоуҭатәи аковид-хәшәтәырҭахь ирышьҭуеит.
Џьопуа излеиҳәаз ала, 2022 шықәса алагамҭазы Аԥсныҟа иаар ауеит 12-17 шықәса зхыҵуа ақәыԥшцәа рзы алаҵа "Спутник М".
"Макьана иуадаҩуп аҳәара, ҳтәылауаа уи ала алаҵа шрыдыркылаша. Аха ахәыҷқәа ари ачымазара ркуеит, даҽаӡәы идырхьыр рылшоит, уи иазы иаҭахуп ҳәа сгәы иаанагоит, аха аҵыхәанынӡа ианҭырҵаауа ҳәа иазыԥштәуп", - иҳәеит ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭа аҳақьым хада.
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 62-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 22-а, ибжьаратәуп - 40-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 39-ҩык, урҭ рахьтә 15-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 24-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 17-ҩык, урҭ рахьтә хҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 10-ҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 73-ҩык апациентцәа, хәҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.