Аԥсны

Аԥсны АШәМ аҟны ирҳәеит хымш рыла шаҟа акриптоферма адыркыз

Аԥсны акриптовалиута арҳареи афымцатә ҳақәа закәаншьаҭада аҿакреи рус арԥшразы ареидқәа шықәсык инеиҳаны имҩаԥысуеит. Ҳтәылаҟны акриптовалиута арҳареи уи азы ахархәагақәа ралагалареи рзин аанкылан Аминистрцәа реилазаара аӡбарала 2020 шықәса ԥхынҷкәын 8 рзы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 30 - Sputnik. Абҵарамза 23 инаркны 25-нӡа Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи, "Амшынеиқәафымцамчи", Аҳәынҭстандарти русузуҩцәа закәаншьаҭада аус зуаз 93 амаининг шьақәгылақәа аҿырхит, иара убас иадыркит амаининг-хархәагақәа аремонт ахьыҟарҵоз аҟазарҭа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АШәМ апресс-маҵзура.
Лыхны ақыҭан инхо Ҭеимыр Ӡиӡариеи, Хыԥсҭа ақыҭан- Осман Чамагәуеи, Аҟәа, Ажәанба имҩа, 51- Игор Барабаши, Аҟәа араион Баслаҭа ақыҭан Ефрем Кәарҷиеи рҟны иаарԥшын закәаншьаҭада афымцамч ахархәара.
Закәаншьаҭада акриптовалиута арҳаразы амаининг-хархәагақәа аҿазкыз аԥшәмацәа рганахь ала административтә ԥкаанҵақәа шьақәыргылоуп.
Иара убас, Аҟәа иаркын аппаратқәа аремонт ахьыҟарҵоз аҟазарҭа, аԥшәмацәа зусҭцәоу макьаназы ишьақәыргылам.
Аԥсны акриптовалиута арҳареи уи азы ахархәагақәа ралагалареи рзин аанкылоуп афымцамч ахархәара ахьацлацәаз иахҟьаны.
Официалла Аԥсныҟа иалагалаз амаининг хархәагақәа рахьтә 40% атәыла шьҭахьҟа иалыргахьеит