Шәача аԥшацәгьеи адыдмацәыси ирыхҟьаны ҩ-ҳаирпланк зымтәеит

Ԥхынҷкәын акы азы Шәача амшқәа бааԥсхоит ҳәа рылаҳәоуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 30- Sputnik. Шәача аԥшацәгьеи адыдмацәыси ирыхҟьаны ҩ-ҳаирпланк зымтәеит, аҳаирпланқәа Краснодартәи аҳаирбаӷәазаҟны итәеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости ҟәыбинатәи аҳаирбаӷәазақәа "Аэродинамик" аоператор иажәақәа шьаҭас иганы.
Абҵара 30 инаркны ԥхынҷкәын 2-нӡа Шәача амшқәа бааԥсхоит ҳәа рылаҳәоуп. Аҳауагәаҭаҩцәа ҭыԥқәак рыҟны ақәаршҩы ӷәӷәа леиуеит, адыдмацәыс ҟалоит, аԥшацәгьа ықәлар, аӡиасқәа шьҭыҵыр алшоит ҳәа азгәарҭоит.
"Абҵарамза 30 2021 шықәса, асааҭ 20:00 рзы иҟоу адыррақәа рыла, аԥшацәгьеи адыдмацәыси ирыхҟьаны ҩ-ҳаирпланк зымтәеит Шәача, дара Краснодартәи аҳаирбаӷәазахь ишьҭын", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.
Иазгәаҭоуп, аҳаирпланқәа Шәачаҟа ишаауаз Санкт- Петербурги Краснодари ақалақьқәа рҟынтә.
Шәача амшцәгьа ҟалоит ҳәа рылаҳәоуп