Шәача амшцәгьа ҟалоит ҳәа рылаҳәоуп

© Sputnik / Екатерина Лызлова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраШторм в Сочи
Шторм в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.11.2021
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 29- Sputnik. Абҵара 30 инаркны ԥхынҷкәын 2-нӡа Шәача амшқәа бааԥсхоит ҳәа рылаҳәоуп. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Урыстәылатәи АҶА Краснодартәи атәылаҿацә аусбарҭа шьаҭас иҟаҵаны.
Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла арҭ амшқәа рзын Шәача ҭыԥқәак рыҟны ақәаршҩы ӷәӷәа леиуеит, адыдмацәыс ҟалоит, секәындк ала аԥша аӷьыра 22-27 метра инаӡуеит. Иара убас, аӡиасқәа рышьҭыҵра азгәаҭоуп.
Ашьха иаԥну аҭыԥқәа рыҟны аӡыҳәанҵәа леир алшоит, убри аҟнытә аиқәырхаҩцәа абжьгара ҟарҵоит аӡиасқәа рааигәара анеи-ааирақәа ааныркыларц.
Ақалақь аусбарҭақәа зегьы аусура иазырхиоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0