Аԥсны

Аԥсҭазаара агәаҳәара узҭо агәалаҟара: Борис Лиубимов Аԥсныҟа иаара иазкны

Sputnik Аԥсны аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа дазааҭгылоит Шьепкин ихьӡ зху атеатртә ҵараиурҭа аректор Борис Лиубимов Аԥсны иҟазаара иалагӡаны имҩаԥигаз аиԥыларақәа рҵакы, ҳабитуриентцәа уахь рҭалара лшарақәас ирызцәырнаго, акультуратә ԥсҭазаара ауаҩы ныррас инаҭо уҳәа.
Sputnik
Асовет аамҭазы изызҳаз арҿиаҩы, ма ус аҟазара иазҿлымҳау, иахьа ҳара ҳабзазара аиҿкаашьа даԥшны, акультура аҿиашьа анышәара ицәыуадаҩуп сгәахәуеит. Иҟоуп аматериалтә бзазара, иҟоуп иара убас адоуҳатә. Есқьынагьы ихьаазго, 1980-1985 шш. раамҭазтәи сыстудент ԥсҭазаара саназхәыцуа, иахьа сынхашьа, сынҵышьа уҳәа алкаа азызуазар – истәым, змаршәа сзымкуа дунеик салоушәа збоит.
Ла иабо, хы иаԥсоуп рымҳәои. Ауаҩы имоуп агәазыҳәара, адунеи иалоу ахаара агьама абара, арҿиара иадҳәалоу еиҳаракгьы, убри аан ихьааны ихигоит игәазыҳәарақәа аныԥку.
Санстудентыз, сџьыба ԥара дук ҭамзаргьы, алшара сыман атеатр институт сышҭаз шьақәзырӷәӷәоз аршаҳаҭга абзоурала, СССР ахи аҵыхәеи исҭаху атеатр сыҩналаны аспектакль ахәаԥшра. Уи зегь иреиӷьыз аамҭан. Уи схы иархәаны избаз маҷума?! Исыман алшара Москва Атеатр ду (Большой театр), Атеатр маҷ (Малый театр), Станиславски, Маиаковски рыхьӡ зху атеатрқәа рыҩналара. Разҟыс исыман лабҿаба зҟазара ҳәаа амам акәашаҩ Маиа Плисецкаиа дызлахәыз аспектакльқәа "Аҷныш" (Чайка), "Агәил аҭахара" ("Гибель розы") уҳәа лабҿаба рбара, Васили Лановои инаиркны, Сергеи Шакуров уҳәа злахәыз аспектакльқәа рыхәаԥшра.
Есқьынагьы иҭацәыз аҭыԥ ҟаломызт, аха акҿатәарҭа ахьсоуз разҟыс ишьаны аспектакль нҵәаанӡа саанхон. Абри зегь зхысҳәаауа, ауаҩы ибла иабо, иара инысымҩаҿы дзыҿцаауа ауаа ирҭо адыррақәа акыр днаскьаргоит.
Иахьа ҳара ҳанхоит акыр иуадаҩу ачымазара ҿкы иахҟьаны зегь ирылаҳәоу апандемиа аамҭазы. Абар ҩышықәсоуп ари аҭагылазаашьа аԥсыҭбарақәа ҳзаанагоижьҭеи. Апандемиа аамҭазы акультуратә усҳәарҭақәа акыраамҭа раанкылара адоуҳа акаҳара ишазку еилкааны, ӡбамҭак макьана ҳаиҳабыра ирзымгәаӷьыц. Убри аамҭазы егьырахь аԥсҭазаара еилашуеит апандемиа ззырҳәо адунеи ианымшәа.
Ала шуан, аҽы ҳәуан…
Абри сколонка анысыҩуа аԥсшьарамш азын, слымҳа иҭаҩуеит аҭацаагара иацу ашыкьыбжь. Ақалақь иалаҩуеит адаули амырзакани ирхылҵуа игәырӷьахәу абжьы, иара убас, иҵәаауа аҭацаагага машьына хазынақәа рышьҭыбжь. Абас имҩасуеит ҳара ҳҿы акарантин аамҭа, акультуратә усҳәарҭақәа анарку аамҭазы...
Абри аҭагылазаашьаҿы шәалҟьамрак иаҩызоуп Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла иара убас, адунеижәларбжьаратәи амедиаклуб "Формат - А З" русеицура иалҵшәаны ҳтәыла иахьаҭаауа ззанааҭ аҿы аихьӡарақәа змоу Урыстәыла атәылауаа. Ҽаҩраҭагалантәи асезон азы Аԥсны иаҭаахьеит Урыстәылатәи ажурналистцәа Александр Зиненкои Антон Степаненкои. Дара аиԥыларақәа мҩаԥыргеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы, насгьы ажурналистцәа ирԥылеит Аҟәа "Москва аҩны" аҟны, иара убас ари аформат ала аполитолог Андроник Миграниан аиқәшәарақәа иман.
Атеатр, асабрада, нас акарантин, мамзаргьы РУСДРАМ аԥкрақәа ишрықәныҟәо
Мышқәак раԥхьа, хыхь зыӡбахә сҳәаз аформат аҳәаақәа ирҭагӡаны, ауаҩы игәы иаззырҳауа даҽа еиԥыларак мҩаԥысит. Иахьа Аԥсны акультуратә хәышҭаарақәа рахьтә зегь реиҳа иҵәатәы шьаҟоу РУСДРАМ ахыбрахь атеатртә ԥсҭазаара аԥсы ахьҭоу здыруа, атеатрҭҵааҩ, Шьепкин ихьӡ зху атеатртә ҵараиурҭа аректор Борис Лиубимов ҳазҵаарақәа рҭак ҟаиҵаразы дымҩахыҵит. Ԥхынҷкәын 2 рзы иара дырԥылахьан ААУ астудентцәа. Лиубимов инысымҩа уахәаԥшыр, иубоит иара ҵарадыррала атеатри алитературеи рганахь зыҩаӡара ҳараку, еиуеиԥшым Урыстәылатәи атеатр дуқәа амаҵ рзызухьоу шиакәу.
Борис Любимов, Элеонора Когония
Атеатртә институт аректор Аԥсны иҟазаара иақәшәеит уи аҵараиурҭазы РУСДРАМ абзоурала Аԥснытәи астудентцәа ралԥшаара аамҭа. Аурыс театр асценаҿы иқәгыланы ҳазҵаарақәа рҭак ҟазҵоз аҵарауаҩ арҵаҩы заҟа ҩаӡарала дҳаракыз аҟара, дбашаӡоушәа, "ихы шьҭымхкәа" дҳацәажәон. Иара ицәажәашьа, илафҳәашьа, ихымҩаԥгашьа сара аҵара сзырҵоз сырҵаҩцәа аасгәаланаршәеит.
Лиубимов ицәажәараҿы дазааҭгылеит иахьа Урыстәылатәи атеатрқәа зегьы рхатә ԥҟарақәа шрымоу.
"Дара зегьы ирымоуп рхатә знеишьа, иҟоуп аменеџьмент абзоурала (адиректор ила) атеатр анапхгара ахьарҭо, иҟоуп асахьаркыратә напхгаҩы ианымҩақәиҵо", - иҳәеит иара иқәгылараҿы.
Атеатрҭҵааҩ Лиубимов ҳаамҭазтәи атеатрқәа рҿы алитература аҟәша ахада ироль дазааҭгыло иазгәеиҭеит "анкьа, апиесақәа хыԥхьаӡара рацәала атеатрқәа рахь ианнеиуаз иаҿурԥшуазар, иахьа уи уамак ахархәара амам" ҳәа. Ажәакала, "азавлит" ҳәа изышьҭоу иакәымкәа, иахьа атеатр амаҵ азызуа арежиссиорцәа шракәу еиҳарак апиеса алхра азҵаатәы зыӡбо "ҿыц ицәырҵуа авторцәа раӷарара иахҟьаны" ҳәа алкаақәа ҟаиҵеит Лиубимов.
Иара дызхагылоу атеатртә институт иҭало аԥсуа ҿар рганахь ихы нарханы иҳәеит, уаҟа дара ишроуа алшара Москва агәы иҟоу акультуратә ханқәа ирхылҵуа адоуҳа ашьҭкаара, иахьынаԥшааԥшуа амода иаанаго алаԥшхырԥагақәа рахь рхы мырхакәа аҵара рҵар.
1 / 6

Аԥсуа абитуриентцәа Шьепкин ихьӡ зху атеатртә ҵараиурҭа иҭаларазы аԥышәарақәа ианырхысуаз

2 / 6

Аԥсуа абитуриентцәа Шьепкин ихьӡ зху атеатртә ҵараиурҭа иҭаларазы аԥышәарақәа ианырхысуаз

3 / 6

Аԥсуа абитуриентцәа Шьепкин ихьӡ зху атеатртә ҵараиурҭа иҭаларазы аԥышәарақәа ианырхысуаз

4 / 6

Аԥсуа абитуриентцәа Шьепкин ихьӡ зху атеатртә ҵараиурҭа иҭаларазы аԥышәарақәа ианырхысуаз

5 / 6

Аԥсуа абитуриентцәа Шьепкин ихьӡ зху атеатртә ҵараиурҭа иҭаларазы аԥышәарақәа ианырхысуаз

6 / 6

Аԥсуа абитуриентцәа Шьепкин ихьӡ зху атеатртә ҵараиурҭа иҭаларазы аԥышәарақәа ианырхысуаз

Ҩбаҟа сааҭ ицоз аиԥылара, иҳамбаӡакәа имҩасит. Сара ишеилыскааз ала, адоуҳа азҵаатәы иахьа зехьынџьара иҵарны иқәгылоуп, аԥсҭазаараҿ ицәырҵуа асоциалтә ҳақәа идырҿио аҟазарахь ус змам ацәырҵрақәа анаԥырхагоу рацәоуп. Ус акәзаргьы, Урыстәыла алшарақәа рацәоуп атеатрқәа, амузеиқәа, ацәыргақәҵақәа рбаразы – алкаа ҟаҳҵар ҳалшоит аҵарауаҩ, арҵаҩы иажәақәа рхы ахьхаз ала.
Лиубимов иԥылара адырҩаҽны, РУСДРАМ адаҟьаҿы ицәырҵит аинформациа Шьепкин ихьӡ зху аинститут аҭаларазы аԥышәарақәа шхыркәшоу, 15-ҩык аԥсуа ҿар атрадициа дуқәа змоу атеатртә ҵараиурҭа ишаанахәаз. Ари хҭыс дууп ҳара ҳкультуразы, ииашоуп, абарҭ ахҭысқәа рҿы Аԥсны акультура аминистр, мамзаргьы уи аусзуҩцәа рроль сымбаӡеит. Игәасымҭеит абас еиԥш зыҩаӡара ҳараку аҵараиурҭа аректор аминистррахь днаганы аԥсшәа иарҳәоны, мамзаргьы иԥылараҿы рыбжьы ҭыргоны. Схатәы сҳәозар, аиԥылара иснаҭеит ауаҩы аԥсҭазаара агәаҳәара изҭо агәалаҟара. Аҵара иҭалаз астудентцәа ракәзар, сгәанала РУСДРАМ анапхгаҩы Иракли Хынҭәба ибзоурала ироуит аразҟы. Аус злоу, уи ашанс ҳәа ззырҳәо рхы иархәаны, атеатртә культура аҳҭнықалақь Москва иалганы иргароуп ирнаҭо зегьы.
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.