Ала шуан, аҽы ҳәуан…

© Sputnik / Томас ТхайцукКурортный сезон. Отдыхающие на пляжах Абхазии.
Курортный сезон. Отдыхающие на пляжах Абхазии.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.09.2021
Анапаҵаҩра
Иахьатәи апандемиа аамҭазы аҿкы аҽацәыхьчаратә усмҩаԥгатәқәа Аԥсны ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҿы иахьынӡанарыгӡо дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Исгәалашәоит ашкол ҳанҭаз, аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа рышьҭахь дҵас иҳарҭон "аԥхын шысхызгаз" захьӡыз ахыҭҳәаа аҩра. Иҵӡозеи уи аҩыза ахыҭҳәаа снапы асмыркижьҭеи. Сынтәа нанҳәамзазы исымаз изаамҭанытәиу аԥсшьармш иалагӡаны избаз исаҳаз, ҳазҭагылоу аепидемиатә ҭагылазаашьа шымҩаԥысуа уҳәа хәыцрақәак сызцәырҵит.
Аԥхын аӷьырак Калдахәара ақыҭаҿы исхызгеит. Ҳара ҳахьынхо ҳаракыроуп, аковид аҽацәыхьчаразы уаҳа нызҭахым ҭыԥуп, агәылацәеи азлацәеи усура ҳәа Гагра араион ахь рхы злахоу ала, аҩны ҭынчран шамаха уаҩ дымҩахыҵуамызт. Ус акәзаргьы, уа сыҟанаҵы аӡәы-ҩыџьа ақыҭауаа срыҿцәажәеит, рхәыцрақәа сыцеиҩыршеит.
Мужчина за ноутбуком  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2020
Акарантин аамҭа
Иаахҵәаны исҳәозар, иахьагьы ишыҟоу гәасҭеит Ковид-19 ҳәа изышьҭоу агәра зымго ауаа. Ишеилыскааз ала, ҳҳаблаҿы алаҵа злазҵахьоу ҳәа уаҩ дыҟам, амала ари аҿкы иахҟьаны иԥсыз ыҟоуп. "Алаҵа улоуҵар ҩышықәса узнеиуам" ҳәа иҟоу ацәажәарақәа агәра згогьы ыҟоуп, убри аҟынтә уи аҟаҵара уамак иахыццакуам ақыҭауаа. Аԥсрақәа ртәы анысҳәа, сгәылацәа ражәақәа рыла, анкьеиԥш ауаа рацәам, аишәаргыларақәагьы рымҽхак еиҳа имаҷуп, аха зегь акоуп аҳабла иаланхо, нас аҭынхацәеи еизаны урҭ аусмҩаԥгатәқәа ҟарҵоит, аиныхрагьы мап ацәырымкыцт.
"Сара ачымзара сыхьӡом, избанзар арыжәтә сжәуеит, уи сахьчоит", - иҳәеит сзацәажәоз руаӡәы.
Калдахәара сыҟанаҵы, мшынҭалара ҳәа Лӡаа сцеит. Уа сыла иабаз зегь реиҳа ианаалоит – ала шуан, аҽы ҳәуан ҳәа аԥсуаа ражәаԥҟа. Апандемиа захьӡу адунеи иқәымшәа, атуризм амҽхак ырҭбааны аамҭа ахнагоит. Ааигәа иҟаз акаҳуажәырҭақәа атурисцәа акрахьырҿарҵо иаарту асофқәа рҿы акәзаргьы, зегь акоуп асабрада ныҟәгарагьы, асоциалтә дистанциагьы аӡәгьы инаигӡом. Ачымазра ҿкы гәарлаанӡа атуризм шымҩаԥысуаз имҩаԥысуеит аамҭа.
Люди в масках  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2021
Акарантин ашьҭа схыланы: аԥсуаа аепидԥҟарақәа ишрықәныҟәо
Ақыҭа ԥсҭазаарахь сгьежьуазар, ҳара ҳҿы анкьеиԥш ақыҭанхамҩа знапы алаку маҷҩуп, уахьынаԥшааԥшуа аџьықәреи лазҵаз, ма ауҭра дуқәа хтны измоу дыҟам. Атрактор захьӡу ара ирымбеижьҭеи маҷ ҵуама? Аибашьра ашьҭахь амхы анылаҳҵоз тракторк аан иаҳзыцәаӷәеит. Уи атрактор аԥсы ахәанга акәын иҭаз. Уи аахыижьҭеи, ҳара хахьынхо ахәаҿы атехника ахархәара амаӡам, ацәқәа ҵакны илаҵогьы уаҩ дубом. Аҽаԥсахит ақыҭа ԥсҭазаара, даҽакала исҳәозар ақалақь нхамҩа иеиԥшхеит. Ус иҟоуп избанзар, аколхоз ззырҳәо мҩасхьеит, анхаҩы ҳәа ҳазҿу атуризм ахьеилашуа Гагра, Пицунда ма Бзыԥ акрыфарҭақәа, акаҳуажәырҭақәа, асасааирҭақәа уҳәа рҿы аулафахәы ахьиоуша ихы ирхеит. Даҽакалагьы ишԥаҟало, иҟамзар ақыҭанхамҩа мҩақәызҵо апрограммақәа? Ауҭра мацарала аҭаацәа ду рныҟәгарагьы мариам.
Ажәакала, калдахәараа рӷьырак қыҭанхамҩала акәымкәа, еиҳа хра злоу аусқәа рхы аздырхеит. Амала, анхаҩцәа зегьы рыҩны иахуп, зыҩнқәа кажьны ицаз ыҟаӡам, избанзар, усура ҳәа иахьцо сааҭбжак ала инаӡоит, ахәылбыҽха рыҩныҟақәа рахь игьажьуеит амашьына змоу, измам имҩасуа трнспортла ацентр аҟынӡа иаауеит. Ашьҭахь, архәара инаныршәланы мардарала рыҩныҟа ихынҳәуеит хәылбыҽхала. Иахьа зегь зыргәамҵуа иаргәамҵуеит калдахәараагьы, уи афымцамч амч амаҷра иазкуп. Алашара уажәы-уажә иахьдырцәо адагьы, амч иамоу хьысҳауп. Аибашьра ааилгазар аԥхын агәаны архьшәашәага ҽынла иамго гәасымҭацызт. Абзазаратә техника ахә зламариам ала, аҩны сахнаҵы иамгошәа анызбалакгьы иаҿысхуан.
Выпускной бал - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.06.2021
Аԥсуа "понт", апандемиа, аушьҭымҭацәа рбал: ашколтә ныҳәа аԥыхразы гәаанагарак
Акы заҵәык, Калдахәара ахԥатәи абригада ахәы иқәынхо, шәышықәсала иззыԥшыз аӡы рымоуп. Ԥхыӡу џьысьоит уажәыгьы, акҿыҩраҿы ачанахқәа рыӡәӡәаразы акран анаасыртлакгьы аӡы ахьааиуа. Сахьынтәицаз Аҟәа ақалақь сазыгьежьуазар, адәқьанқәа рҿы уалбагас "без масок не входить" ҳәа урысшәала иану аҩыра ада, акарантинтә ԥҟарақәа ахьынаргӡо маҷуп. Ақыҭаҟынтә сызлаауаз автобусқәа рырныҟәцаҩцәа асабрада адунеи иқәушәагьы иҟам, апассаџьырцәа рахьтә, аӡәы-ҩыџьа ирхан. Абарҭақәа зегь срыԥшны исҳәозар, акарантин ззыҟалаз атеатрқәа заҵәык роуп сҳәар ауеит. Схәыцуеит, ҵакыс ирымои иҳалаҳәоу аԥҟарақәа? Ажәлар хдыррала ихьысҳауп ҳҳәозаргьы, раԥхьатәи апандемиа аан, аԥҟарақәа еиҳа иџьбаран, амҩан агәаҭаҩцәа гылан, асабраданыҟәгарагьы еиҳа иацклаԥшуан. Сынтәа атуристтә сезон анааи аахыс, аԥҟарақәа ыҟаӡам, инхо дынхап, иԥсуа дыԥсып ҳҳәазшәа, ачымазра аҽацәыхьчара ҳаҟәыҵит.
Уажәы ашколқәа аадыртит, иҳаларҳәеит арҵаҩцәа алаҵа хымԥада ирыларҵароуп ҳәа. Сазҵаауеит, ашкол ҭалара ҟалаанӡа акәӡами алаҵа аныҟаҵатәыз? Еиуеиԥшым аспециалистцәа ишазгәарҭо ала, цәыбррамзазы ачымазара зыхьуа еиҳахар ауеит, еиҳаракгьы арҵаҩцәа рыбжьара. Ус иҟалар, ачымазара ҿкы аҽаҟьоит, уи еиҳагьы иаруадаҩуеит ҳмедицина аҭагылазаашьа. Сымҩашьо издыруа акоуп, ачарақәеи, аԥсхәрақәеи аанкылазароуп макьаназы, уи ҳарԥсыҽыр алаҵа аҟаҵараҿы ҳазлаҵахо ала, ауаажәларра Ковид-19 ашаҭом. Акыр иаҵахоит ҳҳәынҭқарра алаҵаҟаҵра апроцесс.
Работа мобильной бригады по вакцинации дачников от COVID-19   - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.06.2021
"Спутник V"-и сареи ҳшааибыз, мамзаргьы алаҵаҟаҵаразы згәаҭарақәак
Аҩбатәи алаҵаҟаҵаратә усқәа хыркәшахаргьы 10 нызқьыҩк ирылоуп ҳәа аепидемиа азаанкылоума? Мап хымԥада. Абраҟа амчра зку азхәыцроуп, инеиҵыхны, ауааԥсыра реиҳараҩык алаҵа анрылымс, ачымазра иара усгьы иуашәшәыроу ҳдемографиа шыҵнашәаауа. Аӡы иаго аҳәҳәабжь иаҳаӡом шырҳәо еиԥш, адунеи иалагьежьуа ачымазара ҳуааԥсыра рыԥсҭазаара ишалнахуа ҳбаӡом. Аибашьра анцоз, ани дҭахеит ари дҭахеит шырҳәоз еиԥш, уажәы-уажәы ковид -19 иахҟьаны рыԥсҭазаара иалҵит ҳәа ашәаџьҳәара шьҭыбжьы ҳауеит.
Сахьынаԥшааԥшуа избо ала, аԥҟарақәа атәыла ахада иҭижьуеит, аха уи анагӡашьа аӡәгьы дахылаԥшӡом. Уимоу, иазгәасҭар сылшоит, зда ԥсыхәа ахьамам ԥсрак аҿы саннеи, ачынуаа рхаҭарнакцәагьы аҿкы аҽацәыхьчаразы уамак рхы шыдмыргәамҵуа шызбаз, аԥҟара иқәныҟәо ыҟазаргьы. Ала шуеит, аҽы ҳәуеит рымҳәои…
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ауеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0