Атеатр, асабрада, нас акарантин, мамзаргьы РУСДРАМ аԥкрақәа ишрықәныҟәо

© Foto / Ираклий ХинтбаОсман Абухба
Осман Абухба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 16 рзы РУСДРАМ аҿы имҩаԥысыз амоноспектакль "Ацынҵәарах" иаркыз аԥхьарбара иаҭааз Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа илҳәоит атеатр асанитартә нормақәа ирықәшәо аԥҟарақәа ирхылаԥшны аусура алагара шалшо.

Маҷ ҵуама ҳтеатрқәа аус рымуеижьҭеи. Иааихҵәаны иаҳҳәозар, шықәсык ҵырц акгьы агым акультуратә усҳәарҭақәа русура аанкылоижьҭеи апандемиа иҳалаҳәоу иахҟьаны.

Атеатр, асабрада, нас акарантин, мамзаргьы РУСДРАМ аԥкрақәа ишрықәныҟәо

Аамҭа-аамҭала иҳадыргало аԥкрақәа иформалтәу аҟазшьа рымазаргьы, атеатрқәа аус руратәы изыҟамлеит, избанзар урҭ рнапхгаҩцәа аԥҟарақәа реилагара рҭахым.

Люди в масках  - Sputnik Аҧсны
Аԥҟарақәа зну ақьаад зегь ачҳауеит, аус злоу аԥкрақәа рықәныҟәашьа ахылаԥшроуп

Ашықәсҿыцазтәи акорпоративқәа инароуны ақьафурҭақәа рҿы ишымҩаԥысуаз уаԥшны, аџьармыкьа аилашра, акаҳуажәырҭақәа, адәқьанқәа уҳәа зегь русура ԥкрада иахьаартыз уаназхәыцлакгьы, аамҭа-аамҭала РУСДРАМ аиҳабы Иракли Хынҭәба исоциалтә даҟьаҿы "анормақәа инарықәыршәаны, ахәаԥшцәа еизааигәамкәа иртәаны, сабрада ныҟәгарала азин ҳашәҭ" ҳәа аиҳабыра рахь иҟаиҵалоз ааԥхьарақәа лҵшәадахеит, аха ииашазаарын. Иаркуп атеатрқәа иахьагьы. Аиашазы, иара идагьы аӡәгьы дӷьаҵәыӷьаҵәуамызт ари аҭагылазаашьазы.

Ашықәс ҿыц анымҩас, ачымазара аҽарӷәӷәеит, уажәшьҭа иааиуа амза жәабанӡа официалла акарантин аамҭа иацҵоуп. Иацы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Тамшь ақыҭан идыргыларц ргәы иҭоу атуристтә обиект даҭааит. Аԥсны ахада иофициалтә саит аҿы иқәгылоу афотоҭыхымҭақәа уаарыхәаԥшыр, иубоит аиҳабыра рнапы зҵарыҩуа аԥкра иазку ақәҵарақәа рхаҭа ишынармыгӡо. Афото аҿы еилагылоу ахацәа рахьтә аӡәымзараӡәы асабрадагьы иҿам, уи ныҟәызго ажурналистцәа роуп.

Иҳанаҳәозеи ҳара ари? Ажәлар абри анырбо, рхаҭагьы иара усгьы уамак зыгәра рымго Covid-19 аҽацәыхьчаразы акымзарак ҟарҵаӡом…

Шахматисты на берегу  - Sputnik Аҧсны
Аҟәантәи Калдахәаранӡа, ма акоронавирус агәра гара шаҳҭахым

Сара иаха атеатр аҿы сыҟан. РУСДРАМ иҟан аԥхьарбара захьӡу ақәгылара. Асабрада атеатр иасимволуп ҳҳәар ауеит. Уи рхы иадырхәон антикатәи аамҭақәа инадыркны, еиуеиԥшым аԥстәқәеи, мамзаргьы алахҿыхреи, алахьеиқәҵареи аазырԥшуа аҭаԥыҟҟақәа рыла. Асабрада гьежьит атеатр ахь, амала ахәаԥшцәа зда ихәарҭам акакәны.

Ажәакала, атеатр ахь ҳцеит сҩызеи сареи Б. Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" иалхны Џьамбул Жорданиа иқәиргылаз амоноспектакль аԥхьарбара ҳахәаԥшырц. Атеатр ахь ҳнеиаанӡа, аҟәара ҳнавалеит. Ауаа маҷҩын, "Брехаловка" аус ауан, гәыԥҩык ахацәа рсабрадақәа лашьҭны, акыр еизааигәаны ркаҳуа инаҿыхәон. Акаҳуа зыршуа асабрада усгьы иҿамызт, уа иҩнагьежьуаз ицхырааҩцәагьы убасҵәҟьа.

Первый звонок в Сухумских школах - Sputnik Аҧсны
Онлаин акәу лабҿабоу: акарантин аан аҵаратә процесс аҭагылазаашьазы агәаанагара

Атеатр аусуҩцәа злаҩнало аган ала ҳныҩналт РУСДРАМ. Ахәаԥшцәа ҳәа адәныҟантәи иааз хәҩык иреиҳамызт, егьырҭ зегь РУСДРАМ аусуҩцәа ракәын. Игәхьааганы сыҟан атеатр, асабрадауаа ҳҭыԥқәа аанкыланы ҳнатәеит, афоие аҿы ақәгылара ианалаго ҳазыԥшны. Иара убра акәын асцена маҷ ахьыҟазгьы. Зегьы ирҿан асабрада, ихәмаруаз афырхаҵа хада Заурҟан ироль назыгӡоз Осман Абыхәба ида. Иареи ҳареи авансцена ҳабжьан.

Анкьа атеатртә институт аҿы аҵара анысҵоз, стетрадқәа рҿы атеатртә сабрадақәа рсахьа ҭысхуан, ирҭиуа избар, иаасхәон, аха сагьазхәыцуамызт мышкы зны сабрадала атеатр саҭаауеит ҳәа.

Амоноспектакль аҿы аӡә иоуп ихәмаруа, аха уи аспектакль наӡеиԥш знапы иҵызхуа рацәаҩуп. Игоит абыкь абжьы. Иалагеит аспектакль. Абыкь абжьы иалаӡҩоуп аҷнышқәа рышьҭыбжьгьы, иаҳбараны иҟоу атрагедиатә хҭысқәа рахь ҳхьарԥшуа. Зегь раԥхьаӡа иазгәасҭарц исҭаху, асценографиеи аинсценировкеи шысгәаԥхаз ауп. Снеиаанӡа схәыцуан, ирзалыршома роман дуӡӡак сааҭк ицо ахәмарра аҭагӡара? Иалшозаап, хшыҩла еилацаланы ианыҟауҵо.

Абхазская свадьба - Sputnik Аҧсны
Ацәгьеи абзиеи, ма ачымазара ҿки уи иҟанаҵо анырреи

Сааҭк аҩнуҵҟа Осман Абыхәба ифырхаҵа Заурҟан ихаҿрала ҳхьеирԥшуан аублаа жәлар ирыхҭысыз атрагедиахь. Аублааи аурысқәеи реимак, нас аҭырқәа иполитика - ажәлар рзы ишхырҵәагахаз аазырԥшуа аҭоурых ҳадыргалеит Аурыс театр аҿы. Сааҭк аҩнуҵҟа ҳсабрадақәа хԥырхагамхо, аҟазара злоу актиор қәыԥш идунеи ҳамҽаханакны ҳтәан.

Зегь реиҳа исгәаԥхеит Осман Абыхәба емоциала иахмырҟьацәакәа дахьыхәмаруаз. Ҳара асценаҿы даҳбон амҳаџьырра иадҳәалоу ахҭысқәа ирхаану арԥыс. Асценаҿы иубо амаҭәарқәа зегьы инарыгӡоит еиуеиԥшым афункциақәа, аишәа зны иӷбоуп, зны еидароуп, аԥардақәа ракәзар, Золак дзацәажәо, нас дзабашьуа ауаа роуп. Исҳәарц исҭаху, аспектакль бзазаратә ҟазшьам иамоу, символла аус ауеит асценографиа.

© Foto / Осман АбухбаОсман Абыхәба амоноспектакль "Ацынҵәарах" аҿы инаигӡоит Заурҟан Золак ироль.
Осман Абыхәба амоноспектакль Ацынҵәарах аҿы инаигӡоит Заурҟан Золак ироль. - Sputnik Аҧсны
1/2
Осман Абыхәба амоноспектакль "Ацынҵәарах" аҿы инаигӡоит Заурҟан Золак ироль.
© Foto / Ираклий ХинтбаСааҭк аҩнуҵҟа Осман Абыхәба ифырхаҵа Заурҟан ихаҿрала ахәаԥшцәа хьеирԥшуеит аублаа жәлар ирыхҭысыз атрагедиахь.
Сааҭк аҩнуҵҟа Осман Абыхәба ифырхаҵа Заурҟан ихаҿрала ахәаԥшцәа хьеирԥшуеит аублаа жәлар ирыхҭысыз атрагедиахь.  - Sputnik Аҧсны
2/2
Сааҭк аҩнуҵҟа Осман Абыхәба ифырхаҵа Заурҟан ихаҿрала ахәаԥшцәа хьеирԥшуеит аублаа жәлар ирыхҭысыз атрагедиахь.
1/2
Осман Абыхәба амоноспектакль "Ацынҵәарах" аҿы инаигӡоит Заурҟан Золак ироль.
2/2
Сааҭк аҩнуҵҟа Осман Абыхәба ифырхаҵа Заурҟан ихаҿрала ахәаԥшцәа хьеирԥшуеит аублаа жәлар ирыхҭысыз атрагедиахь.

Иҳамбаӡакәа имҩасит аспектакль иазыԥҵәаз аамҭа. Асценаҿы имҩаԥысуаз ахҭысқәа рахьтә иалыскаарц сҭахуп Абыхәба-Золак икәашара, зымч цаз аублаа ргәы арӷәӷәаразы иаԥҵаз агәышьҭыхга кәашара. Уи аамҭазы ухәламшәы акы иҿкааны иакуеит, уԥсыԥ узеиҩымго уааҟалоит. Кәашарак иҭагӡан аублаа жәлар рдоуҳаи рымчи. РУСДРАМ еснагь еиԥш ахәаԥшҩы изы аҳамҭа ссир азнархиеит.

Атеатр аҿы аԥсҭазаара еилашуеит, акарантин аамҭазаргьы, нас аԥкрақәа анынҵәалакгьы, аԥарда анаатлак, ари аамҭа иалагӡаны иарҿиаз ауаа иднарбарц азы.

Ииҳәоз иашан РУСДРАМ адиректор Иракли Хынҭәба, абри аамҭа зегьы аԥкрақәа рнормақәа инархылаԥшны атеатрқәа аус руа иҟазарц шалшоз агәра згеит иаха.

Амоноспектакль "Ацынҵәарах" ықәиргылеит, аинсценировка иҩит Џьамбул Жорданиа, асценографиа - Витали Қацәба, акостиумқәа - Натали Шпанова, алашара - Илларион Пасаниа.

Акарантин рҳәазаргьы, РУСДРАМ ҭынч иштәам убоит, уажәнатә ԥхьаҟатәи арепертуартә спектакльқәа рзы ахәаԥшцәа абилеҭқәа ргахьеит. Анцәа иҳәар, аԥардагьы аатып.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0