АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 – Sputnik. COVID-19 азы атестқәа арҭеит 463-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 127-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Гәдоуҭатәи ковид-госпиталь аҿы лыԥсҭазаара далҵит 66 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс.
Очамчыратәи ахәшәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 78 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 80-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 25-ҩык, ибжьаратәуп - 55-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 43-ҩык, урҭ рахьтә 15-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 20-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 20-ҩык, урҭ рахьтә хҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы 15-ҩык ачымазцәа шьҭоуп. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 24-ҩык, ҩыџьа рҭагылазаашьа хьанҭоуп.