https://sputnik-abkhazia.info/20211209/asny-akoronavirus-rydyrbaleit-daa-127-yk-rysazaara-ialit-ya-1036668738.html
Аԥсны акоронавирус рыдырбалеит даҽа 127-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа
Аԥсны акоронавирус рыдырбалеит даҽа 127-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа
Sputnik Аҧсны
Аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 35953-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 28950-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара... 09.12.2021, Sputnik Аҧсны
2021-12-09T23:16+0300
2021-12-09T23:16+0300
2021-12-09T23:53+0300
аԥсны
ауаажәларра
ажәабжьқәа
аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/02/11/1031859639_0:163:3063:1885_1920x0_80_0_0_efad5c513e7c5baa136dd6829910d91e.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 – Sputnik. COVID-19 азы атестқәа арҭеит 463-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 127-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.Гәдоуҭатәи ковид-госпиталь аҿы лыԥсҭазаара далҵит 66 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс. Очамчыратәи ахәшәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 78 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс.Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 80-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 25-ҩык, ибжьаратәуп - 55-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 43-ҩык, урҭ рахьтә 15-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 20-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 20-ҩык, урҭ рахьтә хҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы 15-ҩык ачымазцәа шьҭоуп. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 24-ҩык, ҩыџьа рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/02/11/1031859639_165:0:2896:2048_1920x0_80_0_0_e8c5053a2ce36e8b08601d8867d1c7da.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ауаажәларра, ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
ауаажәларра, ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
Аԥсны акоронавирус рыдырбалеит даҽа 127-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа
23:16 09.12.2021 (ирҿыцуп: 23:53 09.12.2021) Аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 35953-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 28950-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 539-ҩык.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 – Sputnik. COVID-19 азы атестқәа арҭеит 463-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 127-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Гәдоуҭатәи ковид-госпиталь аҿы лыԥсҭазаара далҵит 66 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс.
Очамчыратәи ахәшәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 78 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 80-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 25-ҩык, ибжьаратәуп - 55-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 43-ҩык, урҭ рахьтә 15-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 20-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 20-ҩык, урҭ рахьтә хҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы 15-ҩык ачымазцәа шьҭоуп. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 24-ҩык, ҩыџьа рҭагылазаашьа хьанҭоуп.