Аԥсны

Тҟәарчал араион аҟны акарантин рылаҳәоуп

Акарантин рылаҳәоуп акоронавирус алаҵәара иахҟьаны. Аҵыхәтәантәи хәымш рыҩнуҵҟа 120-ҩык рҟынӡа аҿкчымазара рыдбалоуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 - Sputnik. Тҟәарчал араион аҿы акарантин рылаҳәоуп ԥхынҷкәын 13 - 20 рҟынӡа, ҳәа аанацҳауеит Аԥсуа телехәаԥшра.
Иахьазы Тҟәарчал аус руеит аԥсҭазаарз ихымԥадатәиу адәқьанқәа, аԥҭекақәа, ачазауад.
Акарантин рылаҳәоуп акоронавирус алаҵәара иахҟьаны. Аҵыхәтәантәи хәымш рыҩнуҵҟа 120-ҩык рҟынӡа аҿкчымазара рыдбалоуп.
"Ақалақь аҟныы аҭагылазаашьа акыр ишәарҭоуп. Уаанӡа асеиԥш ҟамлацызт. Убри аан инаҵшьны исҳәар сҭахуп алеишәа шҳамам. Ачарақәа ауеит, аԥсыжра дуқәа еиҵаҳхуеит. Аштаб еилацәажәан мчыбжьык акарантин рылаҳәазарц ҳаԥхьаӡеит. Аҵарашықәс еиԥҟьарада ицалар ҳҭахуп. Ашкол № 4 аҟны аҿкчымазара зыхьыз ахәыҷқәа рацәаҩуп", - ҳәа иҳәеит араион ахада Исидор Дочиа.
Араионтә хәшәтәырҭа хада ҭәуп. 15 иара-ҭыԥ ахьарбаз 17-ҩык шьҭарҵахьеит.
Аҽыхәшәтәразы ҽынлатәи астационар иаҭаауеит 140 - ҩык.
Ахәшәтәырҭа аҳақьым хада Лали Гаргәылиа илҳәеит ареспублика егьырҭ амедусҳәарҭақәа ишырныруа.
"Ачымазцәа аныхьанҭахалак Гәдоуҭаҟа ма Аҟәаҟа ииааҳгоит", - ҳәа лҳәеит лара.
Иахьазы араион аҿы 500-ҩык алаҵа рзыҟаҵоуп.
Аԥсны
Тҟәарчалтәи араионтә хәшәтәырҭа ашықәс нҵәаанӡа иаартхар алшоит