Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра алаҵа зманы COVID-19 зыхьуа рхыԥхьаӡара атәы рҳәеит

Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара акоронавирус аштамм "омикрон" аҟынтә аԥсҭбарақәа реиҳахара иазыԥшуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 - Sputnik. 3,9% алаҵа змоу урыстәылаа акоронавирус шьҭыркаауеит, ахәшәтәырҭахь инаргоит 1,7% еиҳамкәа ҳәа иҳәоит Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко. Абри атәы аҩуеит РИА Новости.
"Алаҵаҟаҵареи аиҭалаҵаҟаҵареи иахысыз ауааԥсыра еиҳа имаҷны ичмазцәахоит", - ҳәа азгәеиҭеит иара Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара азанааҭеидгылақәа реизара ду аҿы дықәгыло.
Уаанӡа Гамалеи ихьӡ зху амикробиологиеи аепидемиологиеи ринститут аиҳабы, COVID-19 аҟынтә алаҵа "Спутник V" аԥызҵаз Александр Гинцбург иҳәеит, аинститут аплатформа ҿыц шаԥнаҵаз омикрон-штамм иаҿагыло алаҵаҟаҵарази ахәшә аиҿартәышьеи шеиҿнакааз.
Урыстәыла иаԥырҵеит атест-система акоронавирус омикрон-штамм аарԥшразы
Иахьазы еиҳа еиқәырхаганы иԥхьаӡоу алаҵаҟаҵароуп.